Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа: аҭҵаарадырра ашьаҭа змам аҳәынҭқарра, аҳәынҭкараа анҵыра амаӡам

© Sputnik / Илона ХварцкияАҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа.
Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада  Зураб Џьапуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа ҳтәылаҿы аизҳара иаҿу аҭҵаарадырра ахырхарҭақәа зегьы рҭагылазаашьа аилкаараз, аҿар аҭҵаарахьы шаҟа иазҿлымҳау алацәажәараз Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа диҿцәажәеит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа.

Жьҭаара 16, 2006 шықәса рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара иаднакылеит Азакәан, ишьақәзырҕәҕәоз – Аҧсны анаука амш аҧҵара. Уи ашықәс инаркны, жьҭаарамза 30 аҽны иазгәарҭоит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа рымш. 

Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа иажәақәа рыла, жьҭаарамза 30 аҽны 1997 шықәсазы Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа еиҿкаахеит. Абри амш Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ирымшны иԥхьаӡоуп. 

"Хра злоу ахҭысқәа": ААР академик Зураб Џьапуа дазааҭгылоит Анаукақәа Ракадемиа аҭоурых

"Сара избоит ҳҳәынҭқаара анапхгара ишырныруа академиа иамоу ауадаҩрақәа, ацхыраара шыҟаҵатәу. Аԥсны анапхгареи Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи аилибакаара ҳамоуп, уи угәы иаамыхәарц залшом. Даҽа зҵаароуп афинанстә лшарақәа рыԥшаашьа амҩақәа. Ҳара раԥхьаӡа иргыланы, сара аҩбатәи академиа апрезидент соуп, аԥхьатәи анапхгаҩы Шоҭа Арсҭаа иоума, уи ивагылаз Шоҭа Салаҟаиа иоума, здунеи зыԥсаххьоу Гиви Аиба иоума иҟарҵаз даараӡа ирацәоуп. Уи аҟнытә ҳара аҭакԥхықәра ду ҳамоуп, иҿыцу аԥҟаԥҵәагьы ҳадаҳкылеит. Иахьатәи аԥсҭазаашьа иақәшәаша. Изхысҳәаауа, арҿыцрақәа маҷымқәа иҟаҳҵахьеит. Аилкаара ыҟоуп аҳәынҭқарра аиҳабыра рганахь ала. Ҳара ҳҿы абри асистема аҳәынҭкарреи Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи апрогматикатә еизыҟазаашьақәа рыманы аҟаҵара ауп, алҵшәақәагьы ыҟоуп. Насгьы Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аԥсны имҩаԥысуа аҭҵаара шьаҭас измоу аусқәа зегьы експерт ҳасабала ирымазар ауп. Аус еицаҳуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә ауниверситети ҳареи. Уаантәи акадрқәа рааӡара, ргара. Ажәакала, абас еиԥш аусқәа мҩаԥысуеит, ҳаԥхьаҟа еиӷьхап ҳәа агәыӷра ааҳарԥшуеит", — ҳәа иҳәеит Џьапуа.

2017 шықәсазы Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иахыҵуеит 20 шықәса.

Ажәабжьқәа зегьы
0