Аԥсны

Даарԥшуп аноним, Аԥснытәи ауниверситет аҿы срылахысуеит ҳәа имақаруаз

Идырым ахаҿы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы ахысра игәы иҭоуп ҳәа асоциалтә ҳақәа рҿы анонимтә дырра ҟаиҵеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Даарԥшуп аноним, Аԥснытәи ауниверситет аҿы срылахысуеит ҳәа имақаруаз. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа.
Иара иажәақәа рыла, ауаа асоциалтә ҳақәа рҿы адырра шырбаз аиԥш ажәабжь аларҵәара иалагеит ҳәа.

Ҳара ари адырра ҟазҵаз  дҳаԥшаахьеит. Ҳара дҳастудентуп. Уи ишакәым длафит. Аха ари ахҭыс ауаа рылаҵара иахәҭам. <...> Уажәы иҷыдоу ҳмаҵзурақәа аусҭҵаара мҩаԥыргоит. Шәарҭара ыҟам. Асоциалтә ҳақәа рҟынтәи иқәгатәуп. Иҟәышрам.

Алеко Гәарами
ААУ аректор
Ауниверситет аҿы иазԥхьагәарҭом адырра ҟазҵаз иганахь уснагӡатәык адкылара. Аректор иҳәеит аҵара аштаттә режим ала ишымҩаԥысуа.