WhatsApp 10 000 рҟынӡа смартфон рҿы аусура иаҟәыҵуеит

Абҵара акы инаркны WhatsApp ахархәара амазаауеит iPhone iOS 10 ма еиҳа иҿыцуи, Android 4.1 ма еиҳа иҿыцу рҿы мацара.
Sputnik
СУХУМ, 29 окт - Sputnik. Урыстәыла иахьаҵанакуа WhatsApp 10 000 рҟынӡа смартфон рҿы аусура иаҟәыҵуеит. Абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Амилаҭтә технологиатә инициативақәа (НТИ) рцентр SafeNet аексперт Игорь Бедеров.
Уаанӡа WhatsApp адырра ҟанаҵахьан абҵара акы инаркны WhatsApp ахархәара амазаауеит iPhone iOS 10 ма еиҳа иҿыцуи, Android 4.1 ма еиҳа иҿыцу рҿы мацара ҳәа.
WhatsApp ажәытә смартфонқәа рҿы амессенџьер арцәоит
"Ижәытәӡатәиу асмартфонқәа роуп зыӡбахә ҳамоу. Иаҳҳәап iPhone 4 аиԥш иҟоу, 2011 шықәсазы иҭыҵыз ма 10 шықәса зхыҵуа асмартфонқәа. Урыстәыла ауааԥсыра ирацәаҩны ирымоуп арҭ рҩызцәа агаџьетқәа – жәанызқь рҟынӡа", - иҳәоит Бедеров.
Иара иҳәеит арҭ рҩызцәа адеваисқәа рҿы амессенџьерқәа аусура иаҟәыҵуеит избанзар хра аманы ртехникатә хархәара аамҭа цахьеит ҳәа иҳәоит аексперт.
Амессенџьер асаит аҿы иҳәоуп "уаанӡа WhatsApp дыррақәак нанашьҭуазар арҭ ашьақәгылақәа рыԥшәмацәа рзы, уажәшьҭарнахыс официалла уи мап ацәыркыр акәхоит" ҳәа азгәеиҭеит Бедеров.