Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аковидтә ԥкрақәа дырӷәӷәеит

Иҳаҩсыз амчыбжь иалагӡаны Ҟәбина акоронавирустә хҭысқәа 5% рыла ирыцлеит, убри аан анҭыҵынтәи хҭыскгьы алагаламызт.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы акоронавирус наҟ-наҟ иаламҵәарц азы абҵарамза 1 инаркны азеиԥшкрыфаратә ҭыԥқәа русура аанкылахоит асааҭ 23:00 инаркны 6:00 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә ахадара асаит.
"Ҟәбина аковид аламырҵәаразы аԥкрақәа ҳарӷәӷәоит. Уажәазы амч змоу аԥҟарақәа ирыцаҳҵоит анаҩсантәиқәа: азеиԥшкрыфаратә ҭыԥқәа аус рулар рылшоит 6:00 инаркны 23:00 рҟынӡа", - ҳәа ааицҳауеит агубернатор Вениамин Кондратьев иофициалтә Telegram-канал аҿы.
Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аԥкрақәа дырӷәӷәеит
Аиҿкаарақәа ирабжьгоуп русзуҩцәа аҩнынтәи аусурахь ииаргарц Урыстәылатәи аџьатә закәанеидкыла инақәыршәаны.
Аԥсыԥлагаҩагара иадҳәалоу ачымазарақәа, ашьақар чымазара, агәы-шьадатә, егьырҭ ахроникатә чымазарақәа змоу атәылауааи, 65 шықәса ирҭысхьоу атәылауаа зегьи, алаҵа ҟазымҵац 60 шықәса ирҭысхьоу атәылауааи аҽыԥхьакра арежим иқәныҟәароуп.
Уи адагьы, жьҭаара 30 инаркны абҵара 7 рҟынӡа имҩаԥысло апрофессионалтә спорттә хәмаррақәа зегьы ахәаԥшцәа рыладырхәӡом.