Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аԥкрақәа дырӷәӷәеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие фонтанов в Краснодаре
Открытие фонтанов в Краснодаре - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2021
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 30 инаркны Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәа рресторанқәа рахь ауаа нарышьҭлоит QR-код мацарала.
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аԥкрақәа дырӷәӷәеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости арегион агубернатор Вениамин Кондратьев иажәақәа шьаҭас иааганы.
Жьҭаара 30 инаркны Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәа рресторанқәа, ркаҳуажәырҭақәа рахь ауаа нарышьҭлоит QR-код мацарала.
Уи адагьы ауаа рацәа злахәу, аспорттә, акультуратә уснагӡатәқәа Ҟәбан иԥкхоит жьҭаара 25 инаркны ԥхынҷкәын 1 аҟынӡа. Урҭ рылахәхарагьы QR-код алоуп ишалшо.
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рзы Урыстәыла 36 339 COVID-19 хҭыс азгәаҭоуп 85 регион рҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0