АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Сана Ҭарԥҳаи Адамыр Аршбеи еицымҩаԥырго ацәыргақәҵа "Амра ахәыҷқәа" аатит акультуратә ҭыԥ "Гәыма" аҿы абҵара 1 азы.
Амаҭәа адизаинер Сана Ҭарԥҳа асахьаҭыхра далагеит 2020 шықәсазы, аԥкрақәа раамҭазы. Уи аахыс еилаԥсоу атехника лхы иалырхәоит, атрадициатәи ҳаамҭазтәи аматериалқәа. Лусумҭақәа реиҳарак абстракционизми аекспрессионизми ржанр иатәуп.
"Адамыри сареи ҳусумҭақәа еиқәҿырҭуеит. Иаку адкылара рымоуп – амра, аԥхын мшы. Уи адагьы ҳара ҳаиԥшуп акыр, ахәыҷтәы ҟазара еиԥшуп ҳарҿиамҭақәа. Иаҳныруа ҭаҳхуеит. Сара акы аҭыхра саналаго заанаҵы иҟалаша ҳәа сазхәыцуам", - еиҭалҳәоит лара.
Сана лажәақәа рыла ацәыргақәҵаҿ иӡыргоу лусумҭақәа рҟынтәи зегь раасҭа илгәаԥхо "Абиԥара амчра" ауп.
Сана Ҭарба лусумҭа "Абиԥара амчра"
© Sputnik / Марианна Кубрава
"Аԥхьа исҭахыз абстракциан, нас – сҟазарҭаҟынтә избоз аҵла ҭысхырц сҭаххеит. Уи аԥсы ҭазшәа, ҭыԥҳак слыхәаԥшуазшәа збо салагеит. Сара уажәы сҭоурых аинтерес сымоуп, убри азы исҭаххеит сырҿиамҭагь асеиԥш ахьӡысҵарц", - лҳәеит лара.
Адамыр Аршба иажәақәа рыла, дхәыҷаахыс анышәаԥшь аус адулара бзиа ибон, акомиксқәа ҭихуан, Цереҭели иҟазаратә школ аҿы аҵара иҭахын. 2018 шықәсазы аҵла иалхны раԥхьатәи аишәа ҟаиҵеит. Иусумҭақәа раԥхьаӡа акәны иӡыригоит.
"Абра, ихәарҽхахьаз арасаҵла ахәҭак ахаҿқәа алысхит. "Метаморфоза" ахьӡысҵеит", - ҳәа иҳәоит аҟаза қәыԥш иусумҭа ҳарбо.
Ацәыргақәҵа аус ауеит абҵара 5 аҟынӡа.