Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиаҿы раԥхьатәи ацәыргақәҵа мҩаԥысит

© Sputnik / Леон Адлейба Национальная картинная галерея Республики Абхазия
Национальная картинная галерея Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Анапаҵаҩра
2000-тәи ашықәсқәа раан Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Аҟәа ақалақь, Пушкин ихьӡ зху амҩаҟны игылаз ахыбрақәа руак Амилаҭтә галереиа иазалихит.
АҞӘА, жьҭаара 15 – Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аҟәа ақалақь аҟны еиҭашьақәыргылам Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа ахыбраҿы раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа еиҿыркааз ацәыргақәҵа.
© Sputnik / Леон Адлейба Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиаҿы раԥхьатәи ацәыргақәҵа аатит.
Национальная картинная галерея Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиаҿы раԥхьатәи ацәыргақәҵа аатит.
Ааигәа арадио Sputnik аинтервиу аҭо, уи аҿкааҩцәа Диана Хьынҭәбеи Аԥшьа Ҳагԥҳеи ирҳәахьан ас еиԥш ацәыргақәҵа амҩаԥгара ргәазырԥхаз, насгьы гәалас ирымоу атәы иазааҭгылеит.
"Шықәсык аҩнуҵҟа ари атема ҳазҿлымҳан Саид Возба, Диана Хьынҭәба, Баҭал Џьопуа, сара. Баҭал Џьопуа иабжьгарала иҳаӡбеит ас еиԥш ацәыргақәҵа аиҿкаара. Иаразнак изалмыршахеит еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны. Ҳара ҳхаҭа ҳшазыԥшымыз мчыбжьык иалагӡаны Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла аиҳабыра, аусзуҩцәа, Аҳәынҭкарра акультура аминстрра рыцхыраарала уи алыршахеит. Даара ҳгәы иалоуп хыԥхьаӡара рацәала аҟазацәа рҭыхымҭақәа хылаԥшрада, хыбрада, иаанханы иахьыҟоу", - ҳәа лҳәеит Аԥшьа Ҳагԥҳа.
Ахыбра ааигәа-сигәа заа идрыцқьеит, аҭыӡқәа рҟны ихыршьит еиуеиԥшым аҭыхымҭақәа, уи адгылара аиҭеит Аԥсны Акультура аминистр Гәдиса Агрба.
© Sputnik / Леон Адлейба Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиаҿы раԥхьатәи ацәыргақәҵа аатит.
Национальная картинная галерея Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиаҿы раԥхьатәи ацәыргақәҵа аатит.
Ацәыргақәҵа аартуа, Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа адиректор аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа иазгәеиҭеит, акыршықәса ҿымҭ игылаз ахыбра иахьа аҟазара цәаҩа ахьаиуз даараӡа акыр шаҵанакуа атәы. Иара иҳәеит, ас еиԥш ашьаҿа ду зыбзоуроу аҟазаратә ԥсҭазаара ган рацәала пату ақәызҵо, уи ҳаразкуа ауаа шракәу.
https://t.me/SputnikAbkhazia/5967
"Ари амш ихадароу мшуп акультура пату ззақәу зегьы рзыҳәан. Аиҿкааҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа, Аԥсны Акультура аминистрра даараӡа иҭабуп ҳәа расҳәоит аамҭа кьаҿк иалагӡаны гьамала еиҿкааз ацәыргақәҵа азы, иахьатәи ҳгәалаҟазаара азыҳәаны", - ҳәа иҳәоит Сурам Сақаниа.
Сурам Сакания - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2019
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сақаниа асахьаҭыхратә галереиа аҭагылазаашьа иазкны
Аԥсны Акультура Аминистр Гәдиса Агрба иажәақәа рыла, агәыӷра ыҟоуп ари ахыбра аиҭашьақәыргылара азҵаара ҭакда ишаанымхо атәы:
"Бзиала шәаабеит еизаз зегьы. Аиашазыҳәаны, ари амш гәырӷьаратә мшуп. Аԥсны акультура аҿиара, аизҳазыӷьара, иалҵшәоуп иахьатәи ҳаизара. Ишдыру еиԥш, хыԥхьаӡара рацәала аҟазацәа рҭыхымҭақәа иахьа хыбрада иаанханы иҟоуп. Уи зегьы ҳгәы ҳнархьуеит, аԥхасҭа рныруеит аҭыԥ иқәҵамзар. Ахыбра аиҭашьақәыргылара азыҳәаны имаҷымқәан ацәажәарақәа мҩаԥаагахьеит, даараӡа ҳақәгәыӷуеит уи алыршахап ҳәа", - иҳәоит Агрба.
Ацәыргақәҵа иаҭааит Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩцәа, аҿар, ажурналистцәа, убас аҟазара бзиа избо аҭааҩцәа.
© Sputnik / Леон Адлейба

Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиаҿы раԥхьатәи ацәыргақәҵа аатит.

Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиаҿы раԥхьатәи ацәыргақәҵа аатит. - Sputnik Аҧсны
1/5

2/5

3/5

4/5

5/5

2000-тәи ашықәсқәа рзыҳәаны, Аԥсны раԥхьаӡатәи ахада Владислав Арӡынба Аҟәа ақалақь, Пушкин ихьӡ зху амҩаҟны иҟаз ахыбрақәа руак Амилаҭтә галереиа азалихит. Уи аҭыԥ аҟны иазгәаҭан ахыбра аҿыц аргылара. Аха аибашьра ашьҭахьтәи Аҳәынҭқарра амч азымхара иалҵшәаны, уи залмыршахеит. Иахьа ԥшьнызқь инарзынаԥшуа аҭыхымҭақәа хыбрада иаанханы иҟоуп, урҭ аԥхасҭахара иаҿуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0