Аԥсны

Аԥсны атәылауаҩ иганахь ала ашьаус хацыркуп Урыстәылуаҩ закәаншьаҭада автомашьына ахьииҭаз

Астрахантәи аҳазалхырҭа Аԥснынтәи автомашьына ахархәараз аԥҟарақәа реилагара ԥнарҟәҟәааит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 1- Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ иганахь ала ашьаус хацыркуп Урыстәыла атәылауаҩ закәаншьаҭада автомашьына ахьииҭаз, ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхырҭатә Усбарҭа асаит.
Автомашьына "Тойота Марк X", Аԥсны ашәҟәы иҭагалаз, Урыстәыла атәылауаҩ аԥсҟы икны иаанкылан Астрахантәи аобласт аҿы. Амашьынарныҟәцаҩ имаз адокументқәа инарықәыршәаны автомашьына аамҭала Урыстәыла аҵакырахь инеигеит Аԥсны атәылауаҩ ахатәхархәаразы, аҳазалхратә шәарақәа рҟынтәи ихы дақәиҭны.
Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтә амашьынақәа закәанда ралгара асхема аадырԥшит
Евразиатәи аекономикатә еидгыла Аҳазалхратә закәанеидкыла ахәҭаҷ 264 инақәыршәаны ахатәхархәаразы атәыла аҵакырахь иалагалоу аҳәаанырцәтәи атранспорт Урыстәыла атәылауаҩ иҭара ҟалом аҳазалхратә усбарҭақәа ақәшаҳаҭымкәа. Абри азакәанԥҵара еиланагон автомашьына Урыстәыла атәылауаҩ аԥсҟы ахьикыз.
Амашьына Астрахантәи аҳазалхыҩцәа аргыларҭа ҷыдахь инаганы идыргылеит.
Ари аҩыза азинеилагаразы аҭакԥхықәра азыԥхьагәанаҭоит Урыстәыла КоАП ахәҭаҷ 16.24, ахәҭа 2. Ишәатәу иахәҭоу аҳазалхратә шәарақәа 2 миллион мааҭ еиҳазар, Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 194 иазыԥхьагәанаҭоит ашьаустә ҭакԥхықәра.