https://sputnik-abkhazia.info/20211101/asny-atylaua-iganakh-ala-ashaus-khatsyrkup-urystylua-zakanshaada-avtomashyna-akhiiaz-1036149057.html
Аԥсны атәылауаҩ иганахь ала ашьаус хацыркуп Урыстәылуаҩ закәаншьаҭада автомашьына ахьииҭаз
Аԥсны атәылауаҩ иганахь ала ашьаус хацыркуп Урыстәылуаҩ закәаншьаҭада автомашьына ахьииҭаз
Sputnik Аҧсны
Астрахантәи аҳазалхырҭа Аԥснынтәи автомашьына ахархәараз аԥҟарақәа реилагара ԥнарҟәҟәааит. 01.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-01T13:00+0300
2021-11-01T13:00+0300
2021-11-01T13:02+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/01/1036147324_0:58:1143:701_1920x0_80_0_0_1ffb68825f3fa32ab3c162b61a4b0cb4.jpg
АҞӘА, абҵара 1- Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ иганахь ала ашьаус хацыркуп Урыстәыла атәылауаҩ закәаншьаҭада автомашьына ахьииҭаз, ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхырҭатә Усбарҭа асаит.Автомашьына "Тойота Марк X", Аԥсны ашәҟәы иҭагалаз, Урыстәыла атәылауаҩ аԥсҟы икны иаанкылан Астрахантәи аобласт аҿы. Амашьынарныҟәцаҩ имаз адокументқәа инарықәыршәаны автомашьына аамҭала Урыстәыла аҵакырахь инеигеит Аԥсны атәылауаҩ ахатәхархәаразы, аҳазалхратә шәарақәа рҟынтәи ихы дақәиҭны.Евразиатәи аекономикатә еидгыла Аҳазалхратә закәанеидкыла ахәҭаҷ 264 инақәыршәаны ахатәхархәаразы атәыла аҵакырахь иалагалоу аҳәаанырцәтәи атранспорт Урыстәыла атәылауаҩ иҭара ҟалом аҳазалхратә усбарҭақәа ақәшаҳаҭымкәа. Абри азакәанԥҵара еиланагон автомашьына Урыстәыла атәылауаҩ аԥсҟы ахьикыз.Амашьына Астрахантәи аҳазалхыҩцәа аргыларҭа ҷыдахь инаганы идыргылеит.Ари аҩыза азинеилагаразы аҭакԥхықәра азыԥхьагәанаҭоит Урыстәыла КоАП ахәҭаҷ 16.24, ахәҭа 2. Ишәатәу иахәҭоу аҳазалхратә шәарақәа 2 миллион мааҭ еиҳазар, Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 194 иазыԥхьагәанаҭоит ашьаустә ҭакԥхықәра.
https://sputnik-abkhazia.info/20210819/Urystylati-aazalkhytsa-Asnynt-amashynaa-zakanda-ralgara-askhema-aadyrshit-1033063798.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/01/1036147324_66:0:1078:759_1920x0_80_0_0_ef0d56efe97b63693786c450cbdf79df.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны атәылауаҩ иганахь ала ашьаус хацыркуп Урыстәылуаҩ закәаншьаҭада автомашьына ахьииҭаз
13:00 01.11.2021 (ирҿыцуп: 13:02 01.11.2021) Астрахантәи аҳазалхырҭа Аԥснынтәи автомашьына ахархәараз аԥҟарақәа реилагара ԥнарҟәҟәааит.
АҞӘА, абҵара 1- Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ иганахь ала ашьаус хацыркуп Урыстәыла атәылауаҩ закәаншьаҭада автомашьына ахьииҭаз, ҳәа
аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхырҭатә Усбарҭа асаит.
Автомашьына "Тойота Марк X", Аԥсны ашәҟәы иҭагалаз, Урыстәыла атәылауаҩ аԥсҟы икны иаанкылан Астрахантәи аобласт аҿы. Амашьынарныҟәцаҩ имаз адокументқәа инарықәыршәаны автомашьына аамҭала Урыстәыла аҵакырахь инеигеит Аԥсны атәылауаҩ ахатәхархәаразы, аҳазалхратә шәарақәа рҟынтәи ихы дақәиҭны.
Евразиатәи аекономикатә еидгыла Аҳазалхратә закәанеидкыла ахәҭаҷ 264 инақәыршәаны ахатәхархәаразы атәыла аҵакырахь иалагалоу аҳәаанырцәтәи атранспорт Урыстәыла атәылауаҩ иҭара ҟалом аҳазалхратә усбарҭақәа ақәшаҳаҭымкәа. Абри азакәанԥҵара еиланагон автомашьына Урыстәыла атәылауаҩ аԥсҟы ахьикыз.
Амашьына Астрахантәи аҳазалхыҩцәа аргыларҭа ҷыдахь инаганы идыргылеит.
Ари аҩыза азинеилагаразы аҭакԥхықәра азыԥхьагәанаҭоит Урыстәыла КоАП ахәҭаҷ 16.24, ахәҭа 2. Ишәатәу иахәҭоу аҳазалхратә шәарақәа 2 миллион мааҭ еиҳазар, Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 194 иазыԥхьагәанаҭоит ашьаустә ҭакԥхықәра.