Аԥсны

Гагра иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Гагра араион аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ҟалеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Ареспубликатә амашьынамҩаду Ԥсоу- Егры 10-тәи акилометр, Багрыԥшь иахьаҵанакуа амашьынақәа "Жигули ВАЗ -2102" "TOYOTA - Атлант" ааихеит. Амҩатә машәыр ҟалеит асааҭ 14:34 рзы.
Амашәыр иахҟьаны "Жигули" иҭатәаз аԥҳәыс дҭахеит, ааха зауз ҩыџьа ахәшәтәырҭахь инаган.
Иҟалаз зыхҟьаз ҭырҵаауеит.