"Аӡымҩангагақәа рҭагылазаашьа уашәшәыроуп, избанзар 1970-тәи ашықәсқәа раан ишьҭарҵаз роуп. Иҟоуп урҭ аӡы анрыцәҵо, ианԥжәо, уи иахҟьаны аӡы амҩа ианылоит, аҭагылазаашьа уадаҩқәа цәырнагоит. Иҳаҩсыз амчыбжь азы ақалақь аҟны Ақырҭаа имҩаду аҿы аусурақәа мҩаԥган, 217 метра аӡымҩангагатә цәаҳәа еиҭашьақәыргылан, ҭыԥқәак рҟны иԥсахын ақалақь анхамҩа абзоурала. Уи амҩаду аҟны имҩаԥыргаз аусурақәа 40-50 нызқь мааҭ артәеит. Егьыс 700, 500 миллиметра здиаметр ыҟоу аӡымҩангага дуқәа ҩба аауеит. Аӡы ахы ахьыҵнахои ақалақь аҟынӡеи 13 километра бжьоуп. Урҭ аӡымҩангагатә цәаҳәақәагьы ауадаҩра дуқәа рыцуп, аԥсахразы аицәажәарақәа цоит. Ақалақь аҩнуҵҟа аӡымҩангагатә цәаҳәақәа зегьы уԥхьаӡозар 100 километрак инарзынаԥшуеит", - иҳәеит Емырхәба.