Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Емырхәба Гал аӡымҩангагақәа рыԥсахра иазку аусура атәы

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гал аӡымҩангагақәа реиҭашьақәыргылара иазку аусура атәы
Анапаҵаҩра
Гал араион аҟны аӡымҩангагақәа рыԥсахреи реиҭашьақәыргылареи рзы иахьазы иарбан усурақәоу имҩаԥырго атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Емырхәба.
"Аӡымҩангагақәа рҭагылазаашьа уашәшәыроуп, избанзар 1970-тәи ашықәсқәа раан ишьҭарҵаз роуп. Иҟоуп урҭ аӡы анрыцәҵо, ианԥжәо, уи иахҟьаны аӡы амҩа ианылоит, аҭагылазаашьа уадаҩқәа цәырнагоит. Иҳаҩсыз амчыбжь азы ақалақь аҟны Ақырҭаа имҩаду аҿы аусурақәа мҩаԥган, 217 метра аӡымҩангагатә цәаҳәа еиҭашьақәыргылан, ҭыԥқәак рҟны иԥсахын ақалақь анхамҩа абзоурала. Уи амҩаду аҟны имҩаԥыргаз аусурақәа 40-50 нызқь мааҭ артәеит. Егьыс 700, 500 миллиметра здиаметр ыҟоу аӡымҩангага дуқәа ҩба аауеит. Аӡы ахы ахьыҵнахои ақалақь аҟынӡеи 13 километра бжьоуп. Урҭ аӡымҩангагатә цәаҳәақәагьы ауадаҩра дуқәа рыцуп, аԥсахразы аицәажәарақәа цоит. Ақалақь аҩнуҵҟа аӡымҩангагатә цәаҳәақәа зегьы уԥхьаӡозар 100 километрак инарзынаԥшуеит", - иҳәеит Емырхәба.
Ажәабжьқәа зегьы
0