Аԥсны

Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиаразы апроектқәа жәба алнахит

Ақыҭанхамҩа аҿаиаразы аҳәынҭқарратә программа шықәсык ҿҳәараны иамоуп, ихыркәшахоит 2021 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik. Ахықәкытә программа "2021 шықәсазы Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиара" акомиссиа апроектқәа жәба алнакааит. Абри атәы аанацҳауеит аҟәа араион ахадара.
Апроектқәа ирзоужьуп 2 730 820 мааҭ.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы ишьақәырӷәӷәоу апроектқәа рынагӡашьа аус шцо еилкаахеит
Апрограмма иалахәу араион ауааԥсыра аиҳарак рыпроектқәа азырхан ацитрусқәеи афеихои ахәырмеи реиҭаҳара.
Афермерцәа аԥара рнапаҿы ирыҭахом, аԥарақәа апроект анагӡаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазырхоуп. Аҟазауаа иазырхиоу абаҳчақәа ауааԥсыра ирырҭоит.
Абаҳчақәа аԥҵахоит ақыҭақәа Ешера, Аҩада Ешера, Ӡыгәҭа, Иашҭхәа. Зеиԥшла 5,5 гектар адгьыл азоужьхоит.
Проектк аҳәаақәа ирҭагӡаны гектарк адгьыл аҿы абаҳчара аԥҵахоит.
Аԥаразоужьра мҩаԥнагоит араион, 2021 шықәсазы ақыҭанхамҩа иазыԥҵәаз аԥарақәа рҟынтәи.
Арадио
Жьиԥҳа ақыҭанхамҩатә программазы: ас еиԥш адгылара алҵшәа бзиа аанашьҭуеит