АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Аҳәаанырцәтәи атуроператорцәеи аԥсшьаҩцәеи Урыстәылатәи ртурқәа мап рцәыркуеит, ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа (АТОР).
Абҵара 7 рҟынӡа иалагалоу алокдаун адагьы мзызс иҟоуп иара анхыркәшалак ашьҭахь ԥкрақәас иаанхо макьана иахьеилыргам.
Иахьазы Урыстәылаҟа еиҳа иаауеит ОАЕ, Катар, Индиа, Германиа, Швеицариа, Словениа рҟынтәи.
"Урыстәылаҟа иаауа атуристцәа реиҳараҩык алаҵа рымоуп. Аха Урыстәыла аҳәаанырцә лаҵазы QR-код рыдыркылом. Убри азы алокдаун ашьҭахьгьы атуристцәа атеатрқәа, амузеиқәа ирҭаартә аҭагылазаашьа роуам, избанзар аус ауам QR-код", – ҳәа еиҭалҳәоит аилахәыра "Тари Тур" адиректор хада Марина Левченко.
АТОР ахада Маиа Ломиӡе ишылҳәо ала, уажәазы Урыстәыла иҟам азеиԥш регламент QR-кодқәа рзы.
Абҵара 7 рышьҭахь аҳәаанырцәтәи атуристцәа рзы макьаназы ихәарҭаны ишьоу ПЦР-тестқәа роуп. Урыстәыла иалалаз атуристцәа ПЦР-тест ес-72 сааҭ иарҭалароуп. Ари аԥареиԥш аамҭагьы аҭахуп.
Лара илҳәеит атуроператорцәа еицҿакны ишырҳәо иаку арегламент аҭахуп ҳәа.