Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны "Спутник V" алаҵа ҟазҵаз QR-код змоу аршаҳаҭга рыҭахоит

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраCovid-free ресторан в Москве
Covid-free ресторан в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын алагамҭазы Аԥсны иазыԥшуп алаҵа "Спутник V" 30 000 доза ааргоит ҳәа.
АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Алаҵа "Спутник V" Аԥсны аҵакыраҿы иҟазҵаз аршаҳаҭгеи ацифратә QR-коди роуеит. Абри атәы лҳәеит Аԥсны асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик, ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.
Доставка вакцины Sputnik V на склад в грузовой терминал Москва Карго - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
30 000 доза алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аусурақәа мҩаԥнагон алаҵа ззыҟаҵоу ауааԥсыра иаку релектронтә база аиқәыршәаразы. Уажәы алаҵа ҟазҵаз зегьы ҭелла SMS-дырра рырҭоит алогини апароли рзы, анаҩс дара ирылшоит агәабзиарахьчара аминистрра асаит аҟны ркабинет ҷыдахь аҭалара, уа иарбахоит алаҵазы адыррақәа.
Абҵарамза алагамҭазы Аԥсны иазыԥшуп алаҵа "Спутник V" 30 000 доза ааргоит ҳәа. Иара убасгьы иааргараны иҟоуп аимҳәазы алаҵа "Гриппол Плюс".
Производство препарата Ковид-глобулин на основе плазмы крови переболевших COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2021
Агәабзиарахьчара аминистрра азин ҟанаҵоит ковиди аимҳәеи рзы зныкала алаҵаҟаҵара
Уаанӡа алаҵа "Спутник V" ҟазҵахьаз абаклабораториахь Аԥсны атәылауаҩшәҟәи Урыстәыла аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәи рыманы инеир рылшоит QR-код аиуразы.

Ҳара ираҳҭо QR-код змоу алаҵаҟаҵаразы аршаҳаҭга зегьы азин рынаҭоит, урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ахьазхарҵо атәылақәа рҭаара.

Людмила Скорик  - Sputnik Аҧсны
Лиудмила Скорик
Аԥсны асанитар ҳақьым хада
QR-код змоу алаҵаҟаҵаразы аршаҳаҭга аҳәаа ахысраан аскан ахгара алшоит, иара убас аҭел иҭоугаларгьы ауеит.
"Спутник Лайт" алаҵа ҟазҵаз QR-код рырҭом, избанзар иара хымз роуп аҿкы аҟынтәи ахьчара аналшо.
Вакцинация от COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак COVID-19 аҟынтә хымԥадатәи алаҵаҟаҵара рзалагалахар ҟалоит
Ажәабжьқәа зегьы
0