АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Пицунда ҽынлатәи астационар еиҭаадыртит COVID-19 змоу рзы, абри атәы иҳәеит ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Савели Серетиди.
"Иахьа инаркны ачымазцәа рырацәахара инадҳәаланы ҽынлатәи астационар еиҭааҳартит. Иара убасгьы иаартуп хәыда-ԥсада абиоматериал ПЦР-ҭҵааразы агаразы", - иҳәеит иара.
Амедусҳәарҭа аҳақьым хада иазгәеиҭеит астационар аҿы аус шыруло аамҭа-аамҭала абригадақәа хԥа. Арахь идҵаалар рылшоит COVID-19 ззышьақәырӷәӷәоу, Пицундеи ааигәа-сигәеи инхо, аҳақьым иаашьҭрала.
Серетиди иҳәеит аҩаша, асааҭ 10:00 рзы астационар ахь аӡәы дышнеиз апроцедурақәа рымҩаԥгаразы.
Пицунда ҽынлатәи астационар аусура хацыркын акоронавирус алаҵәара иахырҟьаны 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.