Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак COVID-19 аҟынтә хымԥадатәи алаҵаҟаҵара рзалагалахар ҟалоит

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от COVID-19 в Москве
Вакцинация от COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Анапаҵаҩра
Хара имгакәа 30 000 доза алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп.
АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак рзы COVID-19 аҟынтә хымԥадатәи алаҵаҟаҵара алагалара азҵаара иахәаԥшраны иҟоуп Акоординациатә штаб аилатәараҿы.
Встреча Людмилы Скорик и премьера-министра Александра Анкваб - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Аԥсны
Аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рырӷәӷәара иалацәажәеит Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы
Акоординациатә штаб аилатәараҿы ари азҵаара алацәажәаразы ажәадгала ҟаиҵеит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб, асанитар ҳақьым хада Лудмила Скорик далархәны жьҭаара 27 рзы имҩаԥигаз аилацәажәара аихшьаалақәа рышьҭахь.
Хымԥадатәи алаҵаҟаҵара иаҵанакыр алшоит ауааԥсыра ирныруа абиуџьет усхкқәа русзуҩцәа. Иара алагалахар ҟалоит аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рырӷәӷәара инацҵаны акоронавирустә ҭагылазаашьа ахьыуадаҩу азы.
Иара убас аилацәажәараҿы иҳәан 30 000 доза алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп ҳәа.
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2021
Х-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра "Спутник Лаит" алаҵа ҟарҵахьеит
Ажәабжьқәа зегьы
0