Аԥсны

Цезари Сареи рԥацәа: Аацытәи апарк "Праид" аҿы алым ԥшқақәа иит

Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан иҟоу апарк "Праид" хәышықәса раԥхьа аргылара иалагеит. Аҭааҩцәа рзы иаартын сынтәатәи аԥхынразы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Аацытәи апарк "Праид" аҿы алым ԥшқақәа хԥа иит, абри атәы еиҭеиҳәоит апарк ацшьаҭаркҩы Олег Кононов.
Иара иҳәеит ҩымчыбжь раԥхьа ишиз Риҵа зыхьӡырҵаз алым аԥс. Уи ан акраҿаҵара мап ацәнакит, убри азы апарк аусзуҩцәа иара ааӡара рхахьы иргеит.
Хымш раԥхьа Сара захьӡу алым аԥшқақәа ҩба ариит. Урҭ рааигәара аӡәгьы днанашьҭуам. Ахала акрырҿанаҵоит.
1 / 3

Аацытәи апарк "Праид" аҿы алым ԥшқақәа иит

2 / 3

Аацытәи апарк "Праид" аҿы алым ԥшқақәа иит

3 / 3

Аацытәи апарк "Праид" аҿы алым ԥшқақәа иит

"Уаанӡа ҳаиҩызцәан, сабацԥхьаӡа сыхәда аҽахьнырҳалон, аха уажәы ааигәара снеир ауам. Уаанӡа ииуаз зегь ҳара ҳакәын акрырҿазҵалоз, ранацәа уи мап ахьацәыркуаз азы. Уажәы, иҟалап аҭыԥ иашьцылазар", - ҳәа иҳәоит Кононов.
Ииз макьана ихьӡыдақәоуп. Кононов алымқәа ҩымчыбжь рхыҵаанӡа ахьӡ руҭар ҟалом иҳәоит.
Ииз алымқәа рани раби Цезари Сареи роуп, арҭ раԥхьатәи еицырзеиԥшу ԥацәоуп. Сара ҩышықәса раԥхьа иарииз "Князь" апарк аҿы раԥхьа ииз алым ауп.
Кононов иҳәеит аԥсабара анҭыҵ алымқәа иир алшоит урҭ ахылаԥшра бзиа рымазар ҳәа.
Ромеои Џьульеттеи: Аацытәи сафари-парк аҿы амахҽ хәыҷқәа ҩба рааӡоит
"Ара аҭагылазаашьа бзиаӡақәа аԥҵоуп. Апандемиа аамҭаз алым аԥсқәеи абақәеи хаз-хазы иҭакны иҳаман. Иҳазныҟәгомызт. Уажәы даҽа ҭагылазаашьак ыҟоуп", - иҳәеит иара.
Кононов иажәақәа рыла, уажәы апарк аҿы инхоит алым дуқәа жәеизеи алым ԥшқақәа хԥеи. Урҭ рыдагьы "Праид" иҟоуп амахҽқәа, акамбашьқәа, астраусқәа, апони, аҽқәа, ауасақәа, аҽадақәа, аџьмақәа.