Аԥсны

Апарламент Аԥсны ауаҩы изинқәа зыхьчо иаппарат аныхрақәа шьақәнарӷәӷәеит

Иахьа ишьақәырӷәӷәоу ахарџьынҵа 2021 шықәсазы ирыдыркылаз ахарџьынҵа иаҟароуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апарламент Аԥсны ауаҩы изинқәа зыхьчо иаппарат 2022 шықәсазтәи аныхрақәа шьақәнарӷәӷәеит.

Ахарџьынҵа ишьақәнартәеит 4 миллионки 870 нызқь мааҭи. Ишьақәырӷәӷәоу ахарџьынҵа 2021 шықәсазы ирыдыркылаз иаҟароуп.

Натали Смырԥҳа лажәақәа рыла, адепутатцәа аӡбамҭа рыдыркылеит уаанӡа ишҳәаз еиԥш 500 нызқь мааҭ ацрымҵарц.
Уаанӡа Апарламент адепутатцәа мап ацәыркхьан ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны ахарџьынҵа апроект даҽа 500 000 мааҭ арбара.
Аԥсны
Аԥсны Апарламент "2021 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет" азакәан аԥсахрақәа аланагалеит