Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Апарламент "2021 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет" азакәан аԥсахрақәа аланагалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Сессия в парламента Республики Абхазия
Сессия в парламента Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2021
Анапаҵаҩра
Абҵара 3 азы Аԥсны Апарламент аилатәара мҩаԥнагоит.
АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аилатәараан аҵыхәтәантәи аԥхьарала иаднакылеит "2021 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы" азакәан аԥсахрақәа.
Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Натали Смырԥҳа ишылҳәаз ала, аҳәынҭқарратә биуџьет алагала 10 миллиардки 903 миллион мааҭи ыҟоуп, аныхрақәа – 12 миллиарди 187 миллион мааҭи.
Бланк налоговой декларации - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2020
Аԥсны Апарламент ахәцҵазы ашәахтә алхра ҳәаақәызҵо азакәан ариашарақәа аларгалеит
Аҳәынҭбиуџьет адефицит миллиардки 283 миллион мааҭи ыҟоуп, ареспубликатә биуџьет азеиԥш хышәаҵышәа 8 миллиардки 587 миллион мааҭи ыҟоуп. Убри аан аныхрақәа идыртәоит 9 миллионки 821 миллион мааҭ.
100 миллион мааҭк апрофицит амоуп Гагра араион. Адотациа роуам Аҟәеи Гали араионқәа.
Гәдоуҭеи Очамчыреи араионқәа 10-10 миллион мааҭ роуеит дотациа ҳасабла, 5-5 миллион роуеит Гәылрыԥшьи Тҟәарчали араионқәа, 15 миллион аиуеит Аҟәа.

Адепутат Натали Смырԥҳа илҳәеит 90 миллион мааҭ азԥхьагәаҭан Арбитражтә ӡбарҭа азыӡбатә уалқәа рыхҩаразы, аха апарламенттә еилакы урҭ аԥсахрақәа апроект иаланамгалеит.

Апроект алацәажәараан афинансқәа рминистр Владимир Делба иҳәеит ишаԥҵоу акомиссиа ҷыда 2021 шықәсазы аҭыԥ змаз аԥсабаратә рыцҳарақәа рзы. Ацәыӡқәа рхарҭәаара мҩаԥгахоит ахада ирезервтә фонд аҟынтәи.
Адепутатцәа ирҳәоит 100 миллион мааҭк аенергетика ацхраара ишазырхоу. Аханатә арҭ аԥарақәа афымцалашара аҭаҩратә хархәагақәа раахәара иазырхан. Апарламентарицәа ирҳәеит уи дара ирзымдыруа ишымҩаԥгаз, ишзакәаным. Натали Смырԥҳа иазгәалҭеит напхгара зылҭо аилак ари азҵаара ишалацәажәахьаз.
Владимир Делба иҳәеит дшазыхиоу арҭ аԥарақәа ахьырхоу азы адокументқәа рцәыргара.
Младенец  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2020
Ахԥатәи изы шә-нызқь мааҭ: адемографиа аминистрра аԥсуа ҭаацәарақәа ԥарала ирыдгылоит
Ажәабжьқәа зегьы
0