Аԥсны

Аԥсны COVID-19 аҟынтә алаҵа заҟаҩы иҟарҵахьоу рҳәеит

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҿы имҩаԥысит аилацәажәара ауааԥсыра рлаҵаҟаҵара азҵаара иазкны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik. Абҵара 3 рызтәи адыррақәа рыла Аԥсны коронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит 10 443-ҩык. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
6500-ҩык "Спутник V" ҟарҵеит , 3943-ҩык – "Спутник Лайт".
Абҵарамза аҽеиҩшамҭазы иазыԥшуп "Спутник V" актәи апартиа ааргоит ҳәа.
Аԥсны
Еилкаахеит "Спутник V" Аԥсныҟа ианаарго
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҿы имҩаԥысыз аилацәажәара далахәын аилахәыра "А-Мобайл" адиректор хада Борис Барцыц. Аилахәыра алаҵа ҟазҵаз ауааԥсыра алаҵа шыҟарҵаз азы рсертификат аелектронтә версиа рыҭара аплатформа апрограмматә еиқәыршәара аԥҵаразы ацхыраара ҟанаҵалоит.
"Аусурақәа рхыркәшараз даҽа мышқәак аҭахуп. Иахьа абаза атест иахҳажьуеит", - ҳәа иҳәеит Барцыц.
Аминистр иҳәеит алаҵа ҟазҵаз рзы адыррақәа аминистрраҿы ишыҵәаххо.
QR-кодқәа роура ырмариахоит, хара имгакәа ауааԥсыра ирыздырхоит уи азы аинформациа.
Аԥсны
Аԥсны "Спутник V" алаҵа ҟазҵаз QR-код змоу аршаҳаҭга рыҭахоит