Аԥсны

Хәнызқьҩык рҟынӡа аҭааит Гагра иаартыз Урыстәыла ахазынарақәа роптикатә цәыргақәҵа

Урыстәыла ахазынарақәа роптикатә цәыргақәҵа нанҳәамза инаркны жьҭаарамза анҵәамҭанӡа аус ауан. Еиҿнакааит Аинформациатә технологиақәеи, амеханикеи, аоптикеи руниверситет Санкт-Петербургтәи амузеи.
Sputnik
Хәнызқьҩык рҟынӡа аҭааит Гагра иаартыз Урыстәыла ахазынарақәа роптикатә цәыргақәҵа, ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аиҿкааҩ Анна Савилова.
"Нанҳәеи цәыббреи амзақәа рзы мышкы ала 100-200-ҩык ацәыргақәҵа иаҭаауан. Жьҭаарамзазы еиҳа еиҵахеит. Ацәыргақәҵа раԥхьаӡа акәны Аԥсны иахьымҩаԥысуаз, насгьы уи апандемиа аамҭа иахьақәшәаз ала акыр ақәҿиара аманы имҩаԥысит ҳәа сгәы иаанагоит", - лҳәеит лара.
Савилова лажәақәа рыла, аиҳараҩык аҭааҩцәа туристцәан. Аҭыԥантәиқәа рацәаҩымызт. Аха уи аӡыргаратә аилахәыра амҩаԥгашьа иахҭнылҟьоит аиҿкааҩ.
Ацәыргақәҵа еиҿнакааит Аинформациатә технологиақәеи, амеханикеи, аоптикеи руниверситет Санкт-Петербургтәи амузеи. Арахь иааган Карл Фаберже ирҿиамҭақәа роптикатә ахкьыԥхьаақәа: "Пасхальное яйцо "Ландыши", "Пасхальное яйцо "Ренессанс", "Часы-петушок", "Лавровое дерево", "Пасхальное яйцо "Орден Святого Георгия", иара убасгьы Николаи II иҭаацәаратә коллекциа.
Аметодика авторс дыҟоуп Иури Денисиук. 1960-тәи ашықәсқәа рзы иара ихәыцит ахаҭа еиԥшу асахьа апластина алашарашәахәала аголограмма анҵара.
Савилова илҳәеит амузеи аусзуҩцәа акультуратә проект амҩаԥысшьа агәахәара рнаҭеит, ҽааны еиҳа инарҭбааны имҩаԥыргараны ишыҟоу.
"Усҟан аҽак аагоит. Аоптика аганахь ала аус зыдуылақәо рацәоуп. Иӡырыргаша рымоуп", - ҳәа лҳәоит Савилова.
Ацәыргақәҵа мҩаԥган ажәытәтәи гагратәи аӡынтә театр ахыбраҿ. Ԥхьаҟазы иазыԥхьагәаҭоу апроект аҽа ҭыԥк аҟны имҩаԥгахоит.
Аӡынтәи атеатр ргылан 1950-шықәсазы анемец тҟәацәа рнапала. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аахыс иахьанӡагьы аус ауам.