"Аԥшәмарҭақәа рышәҟәы аҿы иарбахо рацәоуп. Иаҳҳәап - аҭаацәара рсиа. Аԥшәма ихьӡ ижәла адагьы, иара ицынхо зегьы ҭагалатәуп, урҭ рҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылатәуп. Ақыҭаҿы инхо аҭаацәақәа рҿы ақалақь аҿы иҭаҩҩу ыҟазар, уи ашәҟәаҿы иарбатәӡам, избанзар дара ақалақь уаҩы ҳәа ишьоуп. Аԥшәмарҭақәа рышәҟәаҿы иарбахоит аус ахьыруа, аҵара ахьырҵо, тәанчара иҟоу. Ақыҭаҿы инхо ауааԥсыра ахьҭаргало аԥшәмарҭатә шәҟәы аҟноуп иахьырбо, уаҳа џьаргьы. Ақалақь аҿы аҩнусбарҭаҿы иҭагалазар ауаа, ақыҭараҿы инхо ус џьрагьы иарбаӡам. Аԥшәмарҭатә шәыҟәқәа рхы иадырхәароуп ақыҭа ахадацәа. 110 қыҭсовет ҳамоуп иахьа Аԥсны. Убырҭ ирыҵаркуа, инхо-инҵуа, урҭ рмал, рҵара, анхаҩы иааирыхуа, ирахә- ишәахә уҳәа зегьы рдыруазароуп", - лҳәеит Гогьиаԥҳа.
Аԥсны аҳәынҭқарратә статистикатә усбарҭа аиҳабы еиҭалҳәеит, аԥшәмарҭатә шәыҟәқәа рҿы иаарԥшу аинформациа анаҩс ақыҭа ахадацәа рхы ишадырхәо атәы.