Аԥсны

Ҳажәлар ирзааигәоу: ажурнал "Алашара" ахәбатәи аномер ахҳәаа

Sputnik
Иҭыҵит ажурнал "Алашара" 5-тәи аномер. Уи аатуеит ҳаԥсуа поетцәа гәыԥҩык аԥсуа-қырҭуатә еибашьра иазыркыз ражәеинраалақәа рыла. Урҭ ирныԥшуеит ҳажәлар зҭагылаз агәаҟра ду аҿы рхы аҵамырхакәа ишеибашьуаз, иагьшаиааиз! Абра иаагоит урҭ рҟынтәи Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәбеи Борис Гәыргәылиеи ражәеинраалақәа рцыԥҵәахақәа.
Баграт Шьынқәба
СЫԤСАДГЬЫЛ, УГӘЫНҚЬБЖЬЫ САҲАУЕИТ
Сыԥсадгьыл, угәынқьбжьы саҳауеит,
Ҭынч сызлатәарызеи?
Рыԥсы ухҭнырҵоит, уҵеицәа еибашьуеит,
Сызхәарҭахарызеи?
Уи ахәыҷ баҳча цәҟьарас иҟазҵаз
Уаҵәтәи ҳамш ауп иишьуаз!
Иан иҳалҳәозеи агыгшәыг дзааӡаз,
Илымоузеи хҿыхшьас?
Ари ажәеинраала иара асахьаркыратә ажәала иахьаҳараку, иахьҵаулоу анаҩысгьы, зегь раԥхьа иргылан ахә шьатәуп, аибашьраан апоет мызқәак Ҷлоу дахьыҟаз, убра иуаажәлар дахьрылагылаз, убра иахьиҩыз азы.
Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит
Ҳџьынџьтәылатә еибашьра ҳпоет бзиа Борис Гәыргәлиа иӷәӷәаны ицрасит. Раԥхьатәи амшқәа рзы дҭахеит хаҵарыла иҷкәын Абзагә, иаҳәшьаԥа, иара аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа Мрагыларатәи афронт аҟны ижәлар дрылагылан, хаҵарыла ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵоз ҳаҷкәынцәа дырхагылан ацәажәара иқәшәон, ианаҭахыз ҳаибашьцәа ахьгылаз аҭабиақәа рҿы днеиуан, ргәы шьҭызхуаз ажәа иҳәон. Уи агәкаҳареи агәырҩеи дшыриааиуаз, ижәларгьы хаҵарыла ақәԥарахь дышрыԥхьоз аныԥшуеит ари ажәеинраала кьаҿ:
Борис Гәыргәлиа
АБЗАГӘ
Жәаха-жәамш иукын абџьар хаҵаҵас,
Сыҷкәын хәыҷы, сгәаҵеилыҷҷа, сдоумыжьха!
Уашәақәлацәеи уареи ишәоуит лахьынҵас
Аԥсынтәылаз шәыԥсы ҭышәхырц, иара еиқәхарц.
Жәаха-жәамш шәабџьар жьышуан лаҳәаҵас,
Иҟыруа иаҳхалаз алаҳәақәа ҭашәырхарц.
Жәаха-жәамш шаҟа ууз, шаҟа ҟауҵаз
Азхоит, сыҷкәын, ужәлар ргәаҵаҟны унхарц.
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ҳжурнал аҿы ирлас–ырласны акьыԥхьра далагеит апоет-аҵарауаҩ Владимир Занҭариа. Уи араҟа апоезиатәи, апрозатәи, аҭҵаарадырратәи ҩымҭақәа аниҵоит. Уаҩ деигәырӷьартә иҟоуп апоет инарҵаулан ихәыцшьа, иацтәии иахьатәии аамҭақәа реиҿыбаашьа, уаҵәтәи амш иаҳзаанаго агәыӷра аиҷаҳашьа, ҳбызшәеи ҳажәлари реиқәырхаразы илшо зегьы аҟаҵара дахьазыхиоу. Абра иаагоит уи аҩыза ацәалашәарақәа бзианы иаазырԥшуа апоет иажәеинраала "Закә аамҭоузеи?.." ацыԥҵәаха:
Владимир Занҭариа
"ЗАКӘ ААМҬОУЗЕИ?.."
Закә аамҭоузеи ҳазҭагылоу?
Закә уамоузеи ҳазлаԥшуа?!..
Џьоукгьы неибацоит– ҽырххыла,
Ирԥыххыло– зегь шьаҽуа!
Тамерланраа еиҭахынҳәуама,
Ҽы-шьапхыцла зегь шьаҟьо?..
Иаҳхылаԥшхәу! Уара уоума
Иҳазҳәо ахархьуаа иаҳлахьынҵоу?..
Апоет-аҵарауаҩ қәыԥш Алхас Чхамалиа аҵыхәтәантәи аамҭазы ипоезиатә рҿиамҭақәа инарҷыдангьы ҳашәҟәыҩҩцәа хатәрақәеи ҳҵарауааи рыҿцәажәарақәа мҩаԥигоит ҳжурнал аҿы. Убас, уажәааигәа диҿцәажәеит аҵарауаҩ Виачеслав Бигәаа. Ҳаԥхьаҩцәа иааркьаҿӡаны акәзаргьы, идҳардырыр ҳҭахуп аиҿцәажәара аҵакы. Виачеслав Бигәааи Алхас Чхамалиеи реиҿцәажәараҿы иазааҭгылоит иахьатәи ҳаԥсуа литературеи ҳбызшәеи ҳдоуҳатә культураҿы иааныркыло аҭыԥ. Урҭ иазгәарҭеит иарбан жанру еиҳа аҿиара змоу, аԥхьагылара зҭатәу… Иалацәажәеит ароман, аповест, ажәабжь иарбан ҭыԥу иааныркыло ҳлитератураҿы. Иазгәарҭеит апоезиа аҿиашьа, уи иамоу атрадициа дуқәа ишрықәныҟәо, иахцәажәеит аиҭагара аус.
Абраҟа иазгәаҭатәуп аҵарауаҩ Виачеслав Бигәаа даара аџьабаа ду шибаз ажурнал "Алашара" ( 1955-2012) ( Аҭоурых. Абиблиографиа) еиқәыршәаны аҭыжьраҿы.
Аҳауеиԥш иаҳҭахыз: иҭыҵит ажурнал "Алашара" аҭоурых еидызкало ашәҟәы
Ҳжурналаҿы ирлас-ырласны иаҳкьыԥхьуеит аҿар ражәеинраалақәеи, ражәабжьқәеи, ркритикатә статиақәеи. Абри аномер аҟны иажәеинраала ҿыцқәа рыла дықәгылоит апоет қәыԥш Инал Гыцба. Ҳаԥхьаҩцәа идҳардырыр ҳҭахуп Инал ҳжурнал дшалауреату, иажәеинраалақәа рзы ҩышықәса раԥхьа аҿарацәа рыбжьара дшалкаахаз, ишианашьахаз апремиа. Абраҟа иааҳгоит ахәбатәи аномер иану апоет қәыԥш илирикатә жәеинраалақәа руак ацыԥҵәаха:
– Уахь бабацо ирццакны,
Барбану, бара?
– Иуасҳәагәышьап, иҵакны,
Санубахгьы уара!..
– Амра ахцәы бахьынҳаланы,
Иҟабҵо закәи?
– Наҟ ҵәҩанҵәыҟа схаланы,
Иҟоу зымбари…
Аԥсны
Уаҵәтәи амш ҳара иаҳтәызарц, ма аҿар амилаҭтә культура рылааӡаразы иҟаҵатәу
Ҳаԥсуа ҭҵаарадырраҿы даараӡа иџьабаа рацәоуп, қәҿиаралагьы аус иуеит академик Зураб Џьапуа. Уи иҭҵаамҭақәа ҳжурнал аҿы ирлас-ырласны иаҳкьыԥхьуеит, ҳагәгьы рыладууп .
Аҵарауаҩ еиқәыршәаны аҭыжьра иазирхиахьеит "Нарҭаа рҳәамҭақәа быжь-томкны". Ари аепос ду абжьтомкгьы ҭыжьны ианыҟала, ҳаԥсуа доуҳатә культураҿы хҭыс дуӡӡахоит. Ажурнал "Алашара" аредакциеи аиқәыршәаҩи ажәала аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, ԥшӡала, арҭ ашәҟәқәа ҭыҵаанӡа, ҳара урҭ ирныларан иҟоу аматериалқәа хәыҷы-хәыҷла ркьыԥхьра ҳалагарц. Урҭ аҵак ду рымоуп уаҵәы игылараны иҟоу аҿар рҭоурых, рфольклор, рдацқәа ахьынтәаауа реилкааразы, рыҭҵааразы.
Зураб Џьапуа: 60 шықәса еиднакылаз сыԥсҭазаара еиҩшара аамҭаны сахәаԥшуеит
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Валентин Кәаӷәаниа иҭҵаарадырратә усумҭа ҿыцқәа ируакуп "Алашара" 5-тәи аномер ианылаз истатиа. Абра иааҳгоит уи алагалажәа ахәҭак: "Аԥсуа литература аҭоурых аҟны Владимир Леуа-иԥа Аҵнариа даанхоит зымҽхак ҭбааз рҿиарауаҩны. Уи дырҭахандеиуан афилологиа иаҵанакуа "амхурсҭақәа" жәпакы – ажәеинраалақәа иҩуан, асахьаркыратә ҩымҭақәа еиҭеигон, алитератураҭҵаареи, акритикеи, апублицистикеи инапы рылакын. Еиқәыԥхьаӡоу ахырхарҭақәа зегьы рҿы иара иаанижьит "наҟ-наҟ еиҵагыло аԥсуа абиԥарақәа рыԥсҭазаара" иалахәхаша адоуҳатә ҭынха ду".
"Ахшыҩҵак хьыршәыгәқәа" арубрикаҿы "Алашара" иакьыԥхьуеит Аԥсны жәлар рпоет Витали Амаршьан иҩымҭақәа рҟынтәи даара акыр узырхәыцуа, иҵаулоу ахшыҩҵакқәа. Аԥхьаҩ иудаагалоит урҭ рҟынтәи акы. Аус рыдулан акьыԥхь иазирхиеит апоет Дырмит Габалиа.
"Аԥсҭазаара оумашәа еиҿартәуп, уи алакә хаҭа иахьеиԥшу рацәоуп. Зны-зынла убас хҭысқәак еиқәнаршәоит, рацәак зҵазымкуашәа иҟоу, аха цқьа уанрызхәыцлак – урҭ хыхьынтә Анцәа дырхылаԥшуеит, иагьымҩақәиҵоит умҳәарц залшом". (Агәҭахәыцрақәа "Сыԥсҭазаара аҟәырҷахақәа" аҟнытә).
Зхьаа згәалақәа ацәызҳәаз апоет: Витали Амаршьан игәалашәара иазкны
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы сара схы ԥысшәоит "Агәҭахәыцрақәеи аепиграммақәеи" ржанр аҿы. "Алашара" ари аномер аҿы иануп иаԥысҵахьоу рыхәҭа хәыҷык. Сара даара исҭахуп урҭ шьоук дырхәыцырц, аԥсҭазаара иахьеи-уахеи иҳазцәырнаго агәамҵрақәеи агәырӷьарақәеи ҳархырымԥаарц, есымша ҳахшыҩ ҳхаҟны иҟазарц!.. Абар, урҭ руак:
Аԥсны аӷба иаҩызоуп, амшын ду иӡаауп,
Иаԥықәсло зегьы ириааиуеит, иӡсоит!..
Сгәырӷьар сҭахуп, аха макьана изаауп,
Ҳа ҳтәқәа иӡаадырҟәрылар ҳәа сшәоит!
Араҟа ҳазлацәажәаз ажурнал иану ахәҭак ауп. Иаарласны ажурнал Аԥсны ахи аҵыхәеи араионқәа зегьы рҿы инагахоит, уи аелектронтә версиа аԥхьаҩ иԥылоит иара убасгьы Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит аҟны. Ҳгәы иаанагоит, урҭ уаҟа изыргәырӷьаша, изырхәыцша рацәахап ҳәа.
"Ҳлитература аԥсы ахьҭоу": ажурнал "Алашара" 65 шықәса ахыҵит