"Ҳлитература аԥсы ахьҭоу": ажурнал "Алашара" 65 шықәса ахыҵит

© Foto / Предоставил Анатоли Лагулаа Ажурнал "Алашара"
Ажурнал Алашара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа ажурнал "Алашара" 65 шықәса ахыҵит. Ари арыцхә инамаданы ашәҟәыҩҩы, апоет, ажурнал аредактор хада Анатоли Лагәлаа уи аҭоурыхи аҵаки дырзааҭгылоит.

Сынтәа ажурнал "Алашара" 65 шықәса ахыҵит! Ари аиубилеи ҳара Аԥсны инарҭбааны иаҳзазгәамҭаӡеит, адунеиаҿы ирылаҵәаны иҟоу ачымазара бааԥс иахҟьаны. Аха ҳара иҳамоуп ҳаԥхьаҩцәа, ҳжурнал аҭыҵра иазыԥшу, уаҟа ианыло аҩымҭақәа рыхә зшьо, урҭ рзы згәаанагарақәа зҳәо, Аԥсны алитературатә ԥсҭазаара иалахәу ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳакритикцәа, иааизакны ҳлитераторцәа, ҳинтеллигенциа, иара убасгьы адоуҳатә культура иазааигәоу, уахи-ҽни аҿыц ацәырҵра иазыԥшу, убри ала зыԥсы ҭоу зегьы! Урҭ ргәаанагара ҳара ҳзыҳәан есымша акраанагоит, иҳабжьоуп анкьаахыс традициала иаауа аигәныҩра, иҳабжьоуп ацҳа!

Анатолий Лагулаа - Sputnik Аҧсны
Анатоли Лагәлаа: агәра ҳгоит ажурнал "Алашара" еснагь гәырӷьаҿҳәашаны шәыҩнқәа ишрыҩнало

Амшын еишьыл уӡсо ухыларц, ахара уцарц азы аӷба ду шуҭаху еиԥш, ҳаԥсуа литературагьы иаҭахын ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа ахара "изырӡсашаз", ҳаԥхьаҩцәа рҟынӡа иназгашаз ажурнал. Ус еиԥш иҟаз, ҳашәҟәыҩҩцәа иреиӷьӡаз рҩымҭақәа еидызкылашаз, ражәа шыԥхаз, аԥсы шҭаз, дара иахьрыхьуаз, дара иахьыргәырҩоз, дара иахьырхьааз, мамзаргьы дара ргәы ахьышьҭыҵуаз, знацәа ақәызкуаз, раԥхьаӡа иргылан, ҳинтеллигенциа ракәын, еиҳараӡакгьы акалам зырҵысуаз ашәҟәыҩҩцәа. Урҭ ирыԥшаар акәын ажәлар рыхәшә, убри аамҭазы ирыхәашаз, ршьапы иқәзыргылаз, рыла хызтшаз, адунеитә цивилизациа иалазыргылашаз, иреиӷьӡаз ахшыҩқәа дара рахь ихьазырԥшышаз. Асду еиԥш еиқәыцәашь ишьҭан усҟан зынӡа имаҷӡан ианҵаз афольклор, зда ыҟамыз жәлар рҳәамҭақәа, рсаранџь. Уи абиԥарақәа аҭарчеи еиԥш инеимда-ааимдо иааргон, аха иҟан ашәарҭара, урҭ "ирыцрышәшәоз", ҿырҳәала иахьеимырдоз ирцәыӡуаз рацәахар ҳәа. Насгьы, иара алитература ахаҭагьы, аӡыхь еиԥш ахы ыҵнагеит, уи "агьама" ахьырбашаз, изҭахыз иахьырыԥшаашаз, иахьеизнагашаз аҭыԥ ԥшаатәын, иԥшьаны амҩа иқәҵатәын. Ажәакала, ҳажәлар рыхшыҩи, рбаҩхатәреи, рхәыцра ҵаулақәеи зныԥшуаз, аҽыццышә ирзаҩызаз, нарха змаз, журналк аԥҵатәын.

Ус иагьыҟаиҵеит, ҳдоуҳатә культура ахәышҭаарақәа зегьы еиҿазкыз, ҳажәлар аамҭа лашьцаҿы ацәашьеиԥш икаххаа ирзылашаз, зшәахәақәа рыла наҟ-наҟтәи рымҩа алашара анырҷҷалан, ибаӷьаӡа ршьапқәа ахьдыргылашаз дзырбаз, ҳара ҳ-Гәлиа ду, зда дҳамамыз, жәларык рыԥсы иахәшәхаз! Уи зегь раԥхьа еиқәиҵеит амца, иҩаишьҭит алҩа, ихиҵеит ацҳа, илигеит амҩаду ахь ҳкылызгашаз амҩахәасҭа. Убасҟан, иара ахра цаӷьцаӷьра даҿызгашаз алабашьа иҭахын. Ааи, лабашьан изыҟалеит иара инапала иаԥиҵаз ажурнал "Алашара". Избанзар Дырмит Гәлиа зныкала егьа хкы дырҿызаргьы, жәлар рҳәамҭақәа ранҵара, анаука, аҵарадырра, аиҭагара, атеатр, зегь акоуп иара иԥсыҵәҟьа ахьҭаз алитератураҿы акәын. Убри азоуп, усҟан ҿыц иааиҵагылаз ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа идкылан, ҳмилаҭ рхәышҭаара ду аҿҿа-ҿҿаҳәа изеибаиркыз жәларык ҳхыбаҩ.

Борис Гургулиа - Sputnik Аҧсны
Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит

Убасҟан, 1955 шықәса раахыс "Алашара" иара ахьӡ иаҵанакуаз афункциақәа зегьы нагӡо, иааиԥмырҟьаӡакәа аҭыҵра иаҿуп, зыжәлар рҿахәы зегь раҵкыс иԥшӡоу, ихаау, ихырку литературатә бызшәала иҩу, иаԥҵоу ажурнал. Уи раԥхьаӡа ашә аартны иҩналаз, мышьҭабзиала ахәышҭаара иҩаҵхаз, аредакциатә еилазаара иалахәын: аредактор хада – Мушьни Аҳашба; аредколлегиа иалан Алықьса Џьонуа, Шалуа Иналиԥа, Кәымф Ломиа (аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ), Иван Папасқьыр, Шәарах Ԥачалиа, акорректор Цабу Киутԥҳа.

Абраҟа иҳәатәуп, ажурнал "Алашараҿы" еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аус зуаз, зхы аџьыка ӷәӷәа ықәызхыз, аредакторцәа хадацәа рнаҩсгьы, аҟәшақәа реиҳабацәа инадыркны аредакциа аусзуҩцәа зегьы рыхьыӡқәа шарбоу аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа инеиҵыху "Ажурнал "Алашара" аҭоурых аҟнытә" захьӡу, ажурнал аиубилеитә номер иану истатиаҟны. Уи, ҳаргьы аиҭаҳәара ҳаламгарц, араҟа рыхьӡ ҳҳәаӡом.

Ажурнал еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы, рхы-рыԥсы зегьы адҵаны, имыцәа-имтәа амаҵ руан ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳҵарауаа, аредакциатә еилазаареи аредколлегиақәеи ирылан, ҵҩа змам аҩымҭақәа аредакциа рзырухьеит. Еиҭаҳҳәоит, урҭ зегьы, араҟа аӡәаӡәала рыхьӡқәа шаҳзымҳәогьы, ҳхырхәаны ҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иара убасгьы, иахьа иҳалагыламгьы, аӷьараҳәа зыԥсы ҭаны иҳалагылоугьы, аредакциатә усқәа зегь раҵкыс изқәыӷәӷәоз, номерцыԥхьаӡа хынтә-ԥшьынтә ирыԥхьоз, арҿиамҭақәа зегьы алыхәҭа гәӡа икылхны ианызҵоз еиуеиԥшым аамҭақәа рзы редакторцәа хадақәас аус зуаз: Мушьни Аҳашба, Алықьса Џьонуа, Ҷиҷико Џьонуа, Алықьса Џьениа, Гьаргь Гәыблиа, Никәала Кәыҵниа.

Иара убасгьы, ҭабуп ҳәа раҳҳәоит ажурнал "Алашара" ашҟа зырҿиамҭақәа ҳзаазго ҳавторцәа, ҳактив, урҭ рацәаҩуп азы араҟа рыхьӡқәа ахьаҳзымҳәо ҳаҭарымҵааит.

"Алашара" иара ахатәы лашара, иара ахатәы ԥхарра аманы Аԥсны ҩнаҭацыԥхьаӡа, аԥсуа ишәхымс ихыҵны, "Уа мшыбзиақәа!" ҳәа изнеиуан. Сара ибзианы исгәалашәоит, шамаха иҟаӡамызт аԥсуа ҩнаҭа уи ылзымҩаауаз, измоуаз, иамыԥхьоз, еиҳараӡакгьы 70-тәи, 90-тәи ашықәсқәа рзы. Усҟан атиражгьы даара иҳаракын, быжь-нызқь инахыҳәҳәон. Избанзар, усҟангьы уажәгьы "Алашара" асахьаркыратә литература мацара акәӡам иакьыԥхьуа, араҟа иҟоуп реиҳа аԥсуа иахьихьуа кылкааны игәазҭо, иалацәажәо, есымша иҳацу апроблемақәа: абызшәа, аҭоурых, ҳдиаспора рызҵаара, ахаангьы хьшәашәара зқәым ақырҭуа- аԥсуа еибашьра, ҳфольклор, ҳаҭҵаарадырра. Убарҭ зегьы "анапы" рықәкуп "Алашара", убарҭ зегьы иара иахатәы хьаауп, иацит, иацшәит, уи иагьа ихьанҭазаргьы, лахьынҵас иаиуит ишьҭыхны иагаларц.

Виталий Амаршан - Sputnik Аҧсны
Аҩыза игәаларшәара: Витали Амаршьан изы ажәа

Ажурнал "Алашара" Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҭыҵшьа амамызт, аха уи аусзуҩцәа зегьы телехәаԥшрала, радиола, насгьы Гәдоуҭа иҭыҵуаз агазеҭқәа рҿы иқәгылон, ажәлар рҿы инаргон рыгәҭыха, иахьынӡарылшоз ҳаибашьцәа ргәы дырхаҵон. Аибашьра шааилгаҵәҟьаз, атипографиа аусура ианналага нахыс, ажурналгьы аҭыжьра ҳалагеит. Уимоу, аибашьра аԥхьа атипографиахь иҳашьҭхьаз номерк иатәыз аматериалқәа ҳаԥшааит, хазы иагьыҭҳажьит. Хәбаҟа шықәса шықәсык ахьтә ԥшьынтә ҳҭыҵуан, нас фынтә аҭыҵра ҳалагеит, акьыԥхь бӷьыцгьы иацаҳҵеит, аибашьра ҟалаанӡатәи иҭыҵуаз аномерқәа рҿыгҳараҟынӡа инаҳгеит. Уажәшьҭа, жәаҩа шықәса ҵуеит, аредакциа аусзуҩцәа Аԥсны Аиҳабыра рахь иҟарҵаз аҳәарала, иаԥҵоижьҭеи апремиақәа хԥа: апоезиеи, апрозеи, акритикеи рзы. Хышықәса раԥхьа иҟаҳҵаз аҳәарала, аҿар рзгьы убас еиԥшҵәҟьа иаԥҵахеит апремиақәа хԥа. Есышықәса, ашықәс анҵәамҭазы, маӡалатәи бжьыҭирала иреиӷьу ҳәа иалкаахо арҿиамҭақәа апремиақәа ранаҳшьоит.

"Алашара" ашәхымс ихымҵыц, уи аԥхарра зымнырыц ԥсыуа шәҟәыҩҩы дыҟаӡам. Уи аредакциахь ианыҷкәынӡаз инаркны, рыбӷьыц хәыҷқәа ргәыдкылан, ргәы хыҭхыҭуа, ихааӡа иҭыԥсаауа, иҳарҳәарызеишь, ҳҩымҭақәа акыр иаԥсахарыма ҳәа имҩахыҵуан, нас, акыр шықәсқәа рышьҭахь зыхьӡ ҳаԥсуа литература иагәадурахаран иҟаз ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳпоетцәа, ҳлитератураҭҵааҩцәа, ҳакритикцәа. Абрантәи, абри "ахәы" ԥшӡа аҟынтәи урҭ рыбжьы "наҩуан" Аԥсны араионқәа, ақыҭақәа зегьы рҟынӡа, уа ирзыԥшын досу иара иаԥхьаҩцәа. Уа еилдыргон, уа еилырхуан, ацәгьеи абзиеи, уа, еиԥыларак, еизарак аҿы иаауқәшәаргьы, инҭкааны иуарҳәон, ажурнал ианыз абригь-абригь ҳгәаԥхоит, амала абри ҳгәамԥхаӡеит, изаҳгәамԥхазгьы абри азоуп ҳәа аргументқәа ааганы…

Есымша исыцу сҩыза: апоет Виачеслав Ҷыҭанаа игәаларшәара>>

Ус иҟан иацы, иахьагьы ус иҟоуп, аха иацтәи аԥхарра, иацтәи амцабз маҷк ирыгуп, уи ажурнал мацараҿы акәӡам иахьыҟоу, уи Аԥсны иҭыҵуа ашәҟәқәа зегьы ирлахьынҵоуп. Уи иаанагаӡом ажурнал иацы ианылоз аматериалқәа рыҩаӡара аҟынӡа иҟам иахьатәиқәа ҳәа, уи иаанаго, иааидкылан иахьатәи ҳаамҭа даҽа зҿлымҳарак ахь ахы дырхеит, ҳара ҳҟны мацара акәым, адунеи зехьынџьара. Ртиражқәа каҳаит Урыстәыла иҭыҵуаз адунеи зегьы еимыҵәҵәаны изыԥхьоз "Новый мири", "Дружба народови", "Наш современники", "Знамиеи". Аха зегь акоуп, аинтернет еиԥш зыцәгьеи зыбзиеи еиҟароу ашәҟәи ажурнали зынӡа иазкыдцалом, урҭ анаашьҭухуа ирыцу аԥхарра, ирыҵоу афҩы хаа даҽакы иузадкылом, урҭ еилызкаауа "рҭынхагьы" ддырӡӡом! Ажәакала, "Алашара" макьана ашьаҭақәа ӷәӷәоуп, уи ҳаԥсуа литература иацентруп, араҟа 65 шықәса раахыс икьыԥхьу аҩымҭақәа ҳлитература зегьы иагәадуроуп, урҭ рыда ҳдоуҳатә литература узалацәажәаӡом, ашәиҭышәи унанашьҭӡом!

Ашәәҟыҩҩы Мушьни Миқаиа диит жәабран 22 1932 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол  ақыҭан - Sputnik Аҧсны
Ахьы зҿыҵышәшәоз ашлақәа ирхылҵыз: Мушьни Миқаиа игәалашәара

Дырмит Гәлиа ԥсра зқәым иҩымҭа "Сара схәышҭаара" инаркны иахьа иҳалагылам ҳаклассикцәа Иуа Коӷониеи Баграт Шьынқәбеи рзаарыгӡа, ааигәа иҳаԥхақәаз Џьума Аҳәбеи, Рушьбеи Смыри, Витали Амаршьани, Никәала Кәыҵниеи, аӷьараҳәа иҳалагылоу ҳашәҟәыҩҩцәа Алықьса Гогәуеи, Мушьни Лашәриеи, Анзор Мықәбеи, Геннади Аламиеи, Гәында Кәыҵниаԥҳаи, Гунда Сақаниаԥҳаи рҟынӡа, шаҟаҩы ыҟоузеи, араҟа зыхьӡқәа реиқәыԥхьаӡара ҳаламго, аха "Алашара" ашҭа, заб иашҭеиԥш аҭалара иеигәырӷьо, зҩымҭақәа раԥхьаӡа ҳара ҳҟны изкьыԥхьуаз, иахьагьы изкьыԥхьуа ҳашәҟәыҩҩцәа. Еиҭасҳәоит, урҭ зегьы аӡәаӡәала ҳара ҳрызгәдууп, пату рықәаҳҵоит, ҳжурнал дара рыла ауп аҿы шцәажәо!

Шәара шәазхәыц, жанрла еиуеиԥшым "Асдуи", "Бзоуи", "Ахҟеи", "Ашьа ицашеи", "Ахьтәы уасцәеи", "Аԥсҳаи", "Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭи", "Аҳәа зыҟәну аџьныши", "Қьалашьбеии" ҳжурнал иамкьыԥхьызҭгьы, иара ҳжурналгьы ас ҿыӷәӷәала изцәажәомызт, дара аҩымҭақәагьы ҳаԥхьаҩцәа рҟынӡа ирласны амҩа рзымԥшаар ҟалон…

Иахьа, иаахтны иҳәатәуп, ҳжурналқәагьы, ҳашәҟәқәагьы ишрыгу апропаганда, урҭ реиҳарак, абра Аҟәа иҭыжьны, абратәи ашәҟәыҭирҭақәа ирыҵахоит, наҟ, ҳраионқәеи ҳқыҭақәеи рахь "асыԥса" еимгәҳәаны изцом, ирцәыхьанҭоуп. Нарҭ Цәыцә иеиԥш ӷәӷәара шрыгымгьы, ара Аҟәатәи ҳхәышҭаарақәа, ҳашәҟәыҭирҭақәа рҿы инхеит, ҳраионқәа ҳдоуҳатә культуразы ишӡышац иӡышоит. Еиҳараӡакгьы Пицундеи Гагреи цәашьыркыла урышьҭазаргьы иузыԥшааӡом… Урҭ згәы рзыбылуаз, анкьаахыс ирзыԥшыз, ирыԥхьоз, азԥшра иаркареит, ргәыбылрагьы хьшәашәо иалагеит… Убас иҟалеит аамҭа, уара иҭыжьны, уара урылаланы иушар акәхеит.

Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны
... Сара исҭаху иара иаздыруам, иара иаҭаху сара исыздыруам – Алықьса Гогәуа

Анкьа иааиламырсӡакәа аус зуаз, ҩнаҭацыԥхьаӡа ҳжурналқәеи ҳгазеҭқәеи ҳазназгоз аԥошьҭа ашьамхы аҵӡааит, Асовет Еидгыла иацӡааҟәрылеит!.. Аха, уи зыԥсахуаз, иамыздаша ҳара акгьы ҳзеиҿымкааит, уимоу, Аԥсны араионқәа рыбжеиҳарак рҿы ҳашәҟәқәа ноугаргьы, инықәҵан иахьырҭиша шәҟәыҭирҭак нымхеит! Урҭ зегьы анкьа иҟан, аха иаақәхны ирҭахыз, акыр рзаазгоз адәқьанқәа рылырхит. Ари ахҭысгьы, ҳара ҳашәҟәқәеи ҳжурналқәеи ҳаԥхьаҩцәеи ҳареи иҳабжьаз ацҳа агәҭаҵәҟьа ԥнаҵәеит…

Уи аганахьала, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу алитературатә газеҭ "Аамҭаҿы" ибзиаӡаны аус ахы зкыз уи аредактор Вахтанг Аԥҳазоу ибзоурала, ҳгазеҭ ҳаԥхьаҩцәа рҿы инеиуеит. Уи қәҿиароуп, убасҵәҟьа ибзианы ирыладырҵәоит апоет Инна Аҳашба дызхагылоу ҳхәыҷтәы журнал "Амцабзгьы". Ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа ркьыԥхьраҿы ажурнал "Алашара" зхьымӡоз "аидара" иаҵырхит, уимоу, ҳара ҳавторцәа рҩымҭақәагьы ркьыԥхьуеит Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа дызхагылоу ажурналқәа "Аҟәеи" "Еҵәаџьааи".

Лагәлаа: ажурнал "Алашара" иамаз анарха амоуп иахьагьы>>

Ҳжурнал аҭоурых зегьы ҩны ҳнапаҿы иаҳиркит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, алитератураҭҵааҩ Виачеслав Бигәаа. Уи ҭыҵны ҳнапаҟны иаҳкуп иахьа, даара уеигәырӷьартә иҭыжьуп!..

Егьа ус иҟазаргьы, ҳара иахьатәи аамҭа иацу иагьа еидара ҳақәыӷәӷәозаргьы, ажурнал "Алашара" аусзуҩцәа раԥхьаӡа ҳжурнал аҭыжьра ианналага, ахы анакыз, усҟантәи ҳашәҟәыҩҩцәа ирымаз агәаҳәареи рынархеи, иахьагьы имырӡкәа иааҳгоит. Избанзар, уи ԥшьоуп ҳара ҳзы, уи ҳара ҳаԥсҭазаара зегьы аҵакы анаҭоит, адәы ҳзықәу, Анцәа ҳаззишаз, хыхьынтәи уи иҳалеиҵаз амч даҽакахьы ирхаӡом, абаҩхатәра мацара амаҵ ауларц иҳаиҭеит…

Сборник Алашара - Sputnik Аҧсны
Аҳауеиԥш иаҳҭахыз: иҭыҵит ажурнал "Алашара" аҭоурых еидызкало ашәҟәы

Убриазоуп, аамҭа егьа ицәгьазаргьы, иааузышьҭымхыртә иуадаҩзаргьы, ԥсра зқәым аҩымҭақәа зиуаз, уи аамҭа асаԥыџь еиԥш изаҵагылоз. Шаҟа ихыҵуааз Баграт Шьынқәба "Амҳаџьыраа ргарашәа" аниҩуаз?! 22 шықәса ракәын, аха ижәлар рхьаа заа илсит, ихәлымшәы ҵкааны иакит, уи даунашьҭӡомызт абас иҟаз аҩымҭа ссир инамырҩыкәа…

Владимир Ахьиба аԥсабара абжьқәа зегьы зныҩуаз ипоезиеи, Таиф Аџьба ашәарҭара шаҳзааигәахоз азы есымша ҳгәыҳҽанызҵоз иажәеинраалақәеи, Алықьса Џьениа иповест "Алашә дыҵхупи", Даур Занҭариа иповест "Хылҵысаа раҳи", Даур Наҷҟьебиа иҵаулоу ифилософиатә жәабжьқәеи, Саида Делԥҳа еибафарыла иҭәыз лырҿиареи, ашәаҳәаҩ-еибашьҩы Аркади Кархалаа амца иалҵыз, акәасҭхеиԥш ишыз, игәышьҭыхгоу иашәақәеи.

Ажәеинраала анааиуоуп сышуаҩу аныздыруа,

Ажәеинраала аныҟам – сдәықәуп сыууаӡа.

Ажәа ансырԥыруа, ажәа санарԥыруа, –

Иккаӡа ишазшәа, – избоит слахьынҵа!..

Ҳлитература аԥсы ахьҭоу, аӡыхь еиԥш иахьыҵкәраауа аҭыԥқәа рацәоуп, акызаҵәык, урҭ ҳажәлар рҿы инагатәуп, уаҵәы игылоу аҿар идырдыртәуп, ирылааӡатәуп, дара ирықәшәо ршьеиԥш, рдақәа ирҭаныҟәо иҟаҵатәуп… Апоет ажәа алԥха анимоу ауп аԥсҭазаарагьы анимоу, ҳпоет, ҳакритик бзиахә Владимир Аҵнариа зны иҩхьан абас:

"Аркади Кархалаа ԥсра зқәым иажәеинраала, нас иара ихаҭа уи иалихыз ашәа аҩыза арҿиамҭа змоу алитература, уи ҭызҵаауа ҳакритикцәа, гәадурала ишьҭыхны иркызароуп, ахра ҭакнаҳа иаҿыиааз аҵлеиԥш, агәаҟреи ахаҵареи ирылиааз ари аҩымҭа. Иахьӡуп иара "Аибашьра иалиааз". Абраҟа иаазгоит уи ацыԥҵәаха, инагӡаны аԥхьара даара ишысҭахугьы…

Джума Ахуба - Sputnik Аҧсны
Зыжәлар рыгәҭа игылаз ашәҟәыҩҩы: Џьума Аҳәба изкны

Хьӡы игарцоуп усгьы ахаҵа дзиуа,

Идыруеит уи дшыҟоу аамҭала.

Аԥсуаагьы иҳаман зыԥсадгьыл зҭиуаз, –

Иҿаҳхуа иахьа ҳара ҳшьала!

Аԥсадгьыл аҿаԥхьа изшәода ауал,

Агәаҟроуп измам ҵыхәаԥҵәара.

Ахьӡ аӡә даргәаҟуеит, ҽаӡә дашьҭоуп амал,

Анацәа ирцәыӡуеит рыхшара!"

Ҳжурнал уаҵәтәи амш анамоу, иҩуа аҿар ҳлитература гәык-ԥсык ала бзиа ибаны, уи ахәышҭаара азааигәара агылара насыԥс ианыршьо ауп… Убри аганахьала, ҳара зыхьӡ ҿыцқәа ааҳартыз ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа маҷҩым, агәрагьы аагар ҳҭахуп, урҭ шықәсқәак рыла дара рхатәы ԥхьаҩцәа рыманы, ҳлитератураҿы рбаҩхатәра бзиа иалацәажәо ишыҟало… Акызаҵәык, иахьатәи аамҭа ирызцәырнаго ауадаҩрақәа изыриааир, ҳаргьы урҭ ириааиртә алшарақәа ҳзыҟаҵар…

Лагәлаа: аханатә аахыс "Алашара" аҿар бла ҵарыла ирыхәаԥшуеит>>

Иахьа ҳлитература иаҵагылоу аҿар иргәаласыршәарц сҭахуп ԥсабарала абаҩхатәра бзиа змаз апоет Владимир Ахьиба ицәаҳәақәа:

Адунеи зегь, дад, иуаароуп, – иҳәеит,

Адунеи аҿы иҟоу, дад, ҿароуп, – иҳәеит.

Уахьынӡаҟоу, дад, қәԥароуп, – иҳәеит.

Уанаҵахагьы, дад, цәгьароуп, – иҳәеит.

65 шықәса қәра бзиоуп, иагьқәра дууп! Арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟа ажурнал аҿы аус зуаз абиԥарақәа зегьы рхы аџьыка ықәырхит, аџьабаа ду рбеит. Урҭ ирылшеит аԥсуа ажәа амаҵ аура, ишыԥхаз, "аԥсы шҭаз" ҳаԥхьаҩцәа рҟынӡа инаргеит, ҳдоуҳатә культура иазрыцҳамкәа, ргәы аздуны ирааӡеит. Иахьа зыԥсы ҭам, иҳалагылам, ажурнал "Алашара" зхы-сыԥсы ақәҵан аус зуаз рыхьӡқәа ҳара ахаангьы иаҳхашҭӡом, ирхашҭӡом ҳаԥхьаҩцәагьы! Иахьагьы зымч-зылшара зегьы ахҭнызҵо, уи амаҵ зуа, ҩымҭа ҿыцк, ҩымҭа бзиак ацәырҵра мшаԥшареиԥш еигәырӷьо, ажурнал "Алашара" зыԥсҭзаароу ҳҩызцәа, аредакциа аусзуҩцәа, ҳредколлегиеи ҳсовети ирылоу, ҳхьаа зхьаау, ҳгәырӷьара згәырӷьароу, гәыкала ишәыдысныҳәалоит ҳиубилеи! Шәара ишәымоуп уаҩ имам анасыԥ, шәара зегь раԥхьа, аԥхьаҩцәа рҟны инеиаанӡа алакҭа шәҭаԥшуеит, шәнапы ахыжәгоит, уаҵәы ҳажәлар зегьы еицыртәхо, ҳдоуҳатә культура иахәҭакхо, иахьӡырҳәагахо арҿиамҭақәа! Иҟалап, убри еиҳау акгьы ыҟам ҳәа ҳахьыҟоу азы акәзар ҳара зегьы абри ахәышҭаараҿы ҳзеидкылоу, ҳаззаԥырымҵуа.

Ааи, уи насыԥуп, зегь раԥхьагьы изынасыԥу – егьырҭ аԥсҭазааратә ҟыбаӡыбақәа зегьы раҵкыс иахьыцқьоуи, иахьреиҳауи, ашьха рҩаш ашьха ишузаҟәымго еиԥш, ҳаламыси ҳаԥсуареи иахьрыцу, иахьузаҟәымго рзы ауп!

Аҵыхәтәаны иаазгар сҭахуп апоет Иван Ҭарба ажурнал "Алашара" иазкны 1980 шықәсазы ииҩыз иажәеинраала "Са сжурнал" аҟынтәи ицәаҳәақәа:

Сыжәлар рышҟа амҩа сызҭо

"Алашара" – са сжурнал,

Апоезиа аӡыхь сзызто,

Смалқәа иреиӷьу – смал ду, смал!

Ажәабжьқәа зегьы
0