"Ҳакалақь аҿы иҟоуп карате азы асекциа. Аамҭа анҳамаз гәыԥҩык аҷкәынцәа ҳаиманы ҳааины ҳаҳәаԥшуан ахәыҷқәа шазыҟарҵо. Азыҟаҵаҩ лассы-лассы ҳшааиуаз ангәеиҭа, иҳаиҳәеит, агәаҳәара ҳамазар, ҳара ҳзы аҽазыҟаҵарақәа еиҿикаар шилшо атәы. Мчыбжьык раԥхьа ҳалагеит азыҟаҵарақәа. Аԥхьа ҩыџьа-хҩык ныҟәозҭгьы, анаҩс аҷкәынцәа рхыԥхьаӡара иацлеит. Уажәазы 15-ҩык ҳаҟоуп, зегь реиҳа иреиҵоу 16 шықәса ихыҵуеит. Даара иаҳгәаԥхоит ҳазҿу аус, ҳазыҟаҵаҩгьы гәаартыла даҳзыҟоуп, хәыда-ԥсада ҳазыҟаиҵоит. Ҳаздыруа, ҳҩызцәа, иҳазҵаауеит ҳазҿу аус шеиҿкаау атәы, уи аинтерес зызцәырнагаз ыҟоуп, аамҭа змамгьы дубап, аха аҽазыҟаҵарақәа рахь иааиуа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иацлоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Зарандиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.