Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Зарандиа Очамчыра иаарту напышьашәалатәи аспорт азы асекциа иазкны: даара иаҳгәаԥхоит

Зарандиа Очамчыра иаарту напышьашәалатәи аспорт азы асекциа иазкны: даара иаҳгәаԥхоит
Анапаҵаҩра
Очамчыра ааигәа иаатит Напышьашәалатәи аспорт хкы азы асекциа ҿыц. Уи еиднакылеит ақалақь аҟынтә аҿар. Урҭ ируаӡәку Лаша Зарандиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ари ахҭыс шыҟалаз атәы.
"Ҳакалақь аҿы иҟоуп карате азы асекциа. Аамҭа анҳамаз гәыԥҩык аҷкәынцәа ҳаиманы ҳааины ҳаҳәаԥшуан ахәыҷқәа шазыҟарҵо. Азыҟаҵаҩ лассы-лассы ҳшааиуаз ангәеиҭа, иҳаиҳәеит, агәаҳәара ҳамазар, ҳара ҳзы аҽазыҟаҵарақәа еиҿикаар шилшо атәы. Мчыбжьык раԥхьа ҳалагеит азыҟаҵарақәа. Аԥхьа ҩыџьа-хҩык ныҟәозҭгьы, анаҩс аҷкәынцәа рхыԥхьаӡара иацлеит. Уажәазы 15-ҩык ҳаҟоуп, зегь реиҳа иреиҵоу 16 шықәса ихыҵуеит. Даара иаҳгәаԥхоит ҳазҿу аус, ҳазыҟаҵаҩгьы гәаартыла даҳзыҟоуп, хәыда-ԥсада ҳазыҟаиҵоит. Ҳаздыруа, ҳҩызцәа, иҳазҵаауеит ҳазҿу аус шеиҿкаау атәы, уи аинтерес зызцәырнагаз ыҟоуп, аамҭа змамгьы дубап, аха аҽазыҟаҵарақәа рахь иааиуа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иацлоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Зарандиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0