Аԥсны

Аҟәа, Абазақәа рымҩаҿы амашьынаргыларҭақәа ҟалоит

2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыркәшарахь инеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik. Аҟәа, Абазақәа рымҩаҿы хара имгакәа амашьынаргыларҭатә ҭыԥқәа ҟалоит, ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Ақалақь анапхгара ирыӡбеит Аҟәатәи амҩақәа рҟны амашьынақәа рырацәареи, урҭ есышықәса рхыԥхьаӡара азҳареи инарыдҳәаланы амашьынаргыларҭа ҭыԥ аиҿкаара.
Аҟәа ахада Беслан Ешба Абазақәа рымҩаҿы аусурақәа шцо гәеиҭеит.
Аҟәа Анхарҭа коммуналтә нхамҩа Адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба иажәақәа рыла, амҩа ахы инаркны аҵыхәанӡа амашьынаргыларҭатә ҭыԥ азы ихиахоит.
Аусурақәа мҩаԥысуеит 2020-2022 шш. рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Иԥсахуп аӡымҩангага, акоммуникациатә ҳақәа, ацрыҵцарҭақәа, ақәаршыҩцарҭақәа. Хара имгакәа амҩақәа каҭранла иқәҵахоит.