Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гәылариа атәанчахәытә фонд абиуџьет аизырҳара иазкны

Атәанчахәытә фонд абиуџьеҭ 20 миллион мааҭ рыла еиҳахеит, абри аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит Жәлар Реизара адепутатцәа. Афонд ахантәаҩы Денис Гәылариа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ироуа ацхыраара ахьынӡарызхо, насгьы ршәахтәқәа зегьы рхарҭәаара аналыршахо атәы.
Sputnik
Ашықәс алагамҭаз атәынчахәытә фонд абиуџьеҭ 1 миллиардки 220 миллион мааҭи иҟан.
"Мызкы ҳагхан ашәахтәқәа ршәара ҳаҿуп. Ацхыраара аҳасабала абиуџьет иацҵоуп 20 миллион мааҭ. 1 миллиардки 283 миллиони неиуеит сынтәатәи ҳбиуџьет. Ауадаҩрақәа шыҟоу дырны афинансқәа рминистрра ацхыраара ҟарҵоит. Адепутат Натали Смыр излаҳалҳәаз ала, ашықәс нҵәаанӡа цхыраарак аҳасабала иҳаур ҟалоит еиҭа аԥара. Иаҳҭахуп ҳауаажәлар мыргәамҵкәа атәанчахәы рызшәара, ианамуӡах, мызкы акәым, иаҳа инеиҵаны иагхартә еиԥш аҟаҵара ҳҭахуп. Убри аҟнытә ҳгәыӷуеит, еиҭа ацхыраара ҳауп ҳәа", - еиҭеиҳәеит Гәлариа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.