Аԥсны

Бжьаниа Тҟәарчал араионтә хәшәтәырҭа ахыбра ҿыц гәеиҭеит

Ахәшәтәырҭа абҵарамза нҵәаанӡа, иахәҭоу ахархәагақәа анааргалак ашьҭахь иаартхоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ашәахьаҽны Тҟәарчал араионтә хәшәтәырҭа ахыбра ҿыц гәеиҭеит.
Бжьаниа иҳәеит ифонд аҟынтәи ахәшәтәырҭаз ацхыраара ласы амашьына аахәараз аԥара шазоуижьуа. Уаанӡа абри азы аҳәара илҭахьан ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргулиаԥҳа. Ахәшәтәырҭа автопарк ԥшьышықәсоуп идмырҿыцижьҭеи. Аус зуаны иҟоу ҩ-машьынак роуп.
Аԥсны
Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа ашықәс нҵәаанӡа иаартхар алшоит
Ахада идырбеит аԥҟарҭа аҟәша, астоматологиатә кабинет, адкыларҭа, УЗИ акабинет, абиохимиатәии аклиникатәии лабораториақәа, аҳақьымцәа ркабинетқәа, апалатақәа, аԥҟарҭатә зал, ацхыраагӡатә блок – уа аӡәӡәарҭеи акрыфарҭеи азԥхьагәаҭоуп.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа ашықәс нҵәаанӡа иаартхар алшоит, ҳәа лҳәеит Тҟәарчал араион ахадараҿы имҩаԥысуаз анҭыҵтәи аилацәажәараҟны. Ахәшәтәырҭа абҵарамза нҵәаанӡа, иахәҭоу ахархәагақәа анааргалак ашьҭахь иаартхоит.
Аԥсны
Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа аҳақьым хада араион аҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа далацәажәеит