Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа ашықәс нҵәаанӡа иаартхар алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукБольница в городе Ткуарчал после ремонта
Больница в городе Ткуарчал после ремонта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2021
Анапаҵаҩра
Ахәшәтәырҭа 80 иара акуеит, Тҟәарчал араиони ааигәа-сигәатәи ақыҭақәеи руааԥсыра рымаҵ ауа иҟалоит.
АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа ашықәс нҵәаанӡа иаартхар алшоит, ҳәа лҳәеит Тҟәарчал араион ахадараҿы имҩаԥысуаз анҭыҵтәи аилацәажәараҟны.
Араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргулиаԥҳа иазгәалҭеит амедусҳәарҭа аштат аҿы ишарбоу 195-ҩык, аус шыруа 145-ҩык. Лара лажәақәа рыла аҳақьымцәа рзымхара ыҟоуп.
Вакцинация военнослужащих Южного военного округа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2021
Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа амедусзуҩцәа реиҳараҩык алаҵа ҟарҵеит
Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа 2017 шықәса рзы Аинвистициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аргылара иалагеит.
2020 шықәса нанҳәазы арахь днеины дыҟан аинспекциаҟаҵаразы Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Михаил Бабич. Усҟан аҭагылазаашьа иаҿырԥшны аргылара аԥаразоужьра алимит иацҵан. Уи ишьақәнартәеит 258 миллион мааҭ.
Ахәшәтәырҭа 80 иара акуеит, Тҟәарчал араиони ааигәа-сигәатәи ақыҭақәеи руааԥсыра рымаҵ ауа иҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0