Аԥсны

Бжьаниа иарҳәеит Тҟәарчал араион абиуџьет шынагӡахази ашәахтәқәа шалагалахази ртәы

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Тҟәарчал араион аҿы дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аслан Бжьаниа ашәахьаҽны Тҟәарчал имҩаԥигаз аусутә еилацәажәараҿ дазыӡырҩит ашықәс ажәымз рыҩныҵҟа абиуџьет анагӡареи ашәахтәқәа ралагалареи рзы аҳасабырба.
Тҟәарчал араион ахадара афинанстә ҟәша аиҳабы Анелла Емхааԥҳа лажәақәа рыла 2021 шықәсазы аҭыԥантәи абиуџьет алагалақәа 114,9 процент рыла ишынагӡоу. Планла 14 миллион мааҭ ахьыҟаз аҭыԥ аҿы 16 миллион мааҭ аланагалеит. 49 процент рыла инагӡоуп ахашәалатә шәахтәқәа, 115 процент рыла – ахашәалатә шәахтә, 62 процент рыла – адгьыл азы ашәахтә, 117 процент рыла – амазараз ашәахтә.
Емхааԥҳа илҳәеит планла 120 000 мааҭ ахьарбаз аҭыԥантәи абиуџьет иаланагалеит 15 000 мааҭ аҳәынҭбаџь.
Аԥсны
Аԥсны 2021 шықәса жәымз рыла ашәахтәшәара аплан 115% рыла инагӡоуп
Аҭыԥантәи абиуџьет аныхрақәа 92,9 процент рыла инагӡоуп. Планла 132 миллион мааҭ ахьарбаз иныхуп 122 миллион мааҭ. Ачымазцәа, аинвалидцәа, зылшара ԥку рыцхыраараз иазоужьуп 705 нызқьмааҭ.
Араион ашәахтә маҵзура аиҳабы Џьон Аршба иажәақәа рыла жәамз рыҩнуҵҟатәи аизгарақәа 112 процент шьақәдыртәоит. Зынӡа еизгоуп аплан иарбаз аасҭа 2 миллион мааҭ еиҳаны, иара убас, ҵыԥхтәи ашықәс аасҭа 1,5 миллион мааҭ еиҳаны.