Аԥсны

Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҟынтәи 400-ҩык рҟынӡа ачымазцәа ылырҩаахьеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь COVID-19 змоу 1,5 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра аднакылахьеит, урҭ рахьтә рчымазара рыхганы 419-ҩык илрҩаахьеит, ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Уажәы ара аҽыхәышәтәра иахысуеит 111-ҩык, урҭ иахәҭоу амедицинатә цхыраара рырҭоит.
Агоспиталь ахь иааиуа ауааԥсыра рыдыркылоит уахи-ҽни, ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика. Анаҩс аҭакқәа иахьынтәаашьҭу идырхынҳәуеит. Алабораториа иалшоит аамҭак ала 24 биологиатә материал адкылара.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистр Аԥсны аепидҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит
Агоспиталь амобилтә лабораториақәа рҿы имҩаԥгоуп 8 000 рҟынӡа аклиникатә ҭҵаара, х-нызқь ПЦР-тест, зқьы инеиҳаны рентгенограмма.
Амобилтә госпиталь акоронавирустә инфекциа ҿыц зыхьуа рыхәшәтәразы астационартә медицинатә хәшәтәырҭоуп. Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь зынӡа 100 иара-ҭыԥ амоуп, урҭ даҽа 24 иара-ҭыԥ рыла ихарҭәаауп, даҽа 26 ҭыԥ аҟаҵаразы алшара ыҟоуп. Аҳақьымцәа ргәыԥ шәҩык ыҟоуп, аус руеит бригада-бригадала рҽеихшаны.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь уаанӡа Аԥсныҟа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәаразы ацхыраара аҟаҵараз нанҳәа 18 рзы. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ҩынтәуп Аԥсныҟа ацхырааразы агоспиталь аарышьҭуеижьҭеи.
Аԥсны
Аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рырӷәӷәара иалацәажәеит Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы