Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рырӷәӷәара иалацәажәеит Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы

© Foto / Кабинет Министров Республики Абхазия Встреча Людмилы Скорик и премьера-министра Александра Анкваб
Встреча Людмилы Скорик и премьера-министра Александра Анкваб - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҿкчымазара зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 31045-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 26512 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 448-ҩык.
АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби ареспубликатә санитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорики алацәажәеит аԥкрақәа рырӷәӷәара азҵаара. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Скорик атәылаҿ иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьазы аҳасабырба ҟалҵеит, уи аиӷьтәразы ажәалагалақәа ҟалҵеит.
Дети радуются мыльным пузырям   - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Аԥсны
Аексперт коронавирус апандемиа Аԥсны адемографиа ишаныԥшуа лҳәеит
Асанитар ҳақьым хада илымоу адыррақәа рыла, жьҭаарамзазы акоронавирус аҽышьҭыхра ашьҭахь маҷк илаҟәит. Скорик лгәаанагарала, уи иаанагом аҭагылазаашьа аиӷьхарахь ахы археит ҳәа. Аԥсны атәылауаа уаанӡеиԥш аԥкрақәа ирықәныҟәом.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра цәыббрамзатәи аныҳәамшқәа раан ачымазара аҽышьҭнахит ҳәа иаԥхьаӡоит. Убри азы Скорик ашколтә ԥсшьарамшқәа рыцҵара хра рылам, усгьы ауаа рацәа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рахь инеилоит ҳәа иазылыԥхьаӡоит.
Зыхә дуу ахәшәқәа рыҟамзаара, ковид-хәшәтәырҭақәа рыҭәра, алаҵаҟаҵара иԥсыҽны иахьымҩаԥысуа, ауааԥсыра ҭакԥхықәрада рхымҩаԥгара акыр ишәарҭоуп ҳәа ахылҳәааит Скорик.
COVID-19 аҟынтә аԥкрақәа рырӷәӷәара азҵаара иахәаԥшраны иҟоуп ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿы.
Вакцинация от коронавируса в Венесуэле - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Урыстәыла ауааԥсыра Аԥсны ироуеит алшара COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵаразы
Ажәабжьқәа зегьы
0