Аԥсны

Аԥсҭазаара иразҟын: аполковник еиҵбы Станислав Ҳагба иҭоурых

Абҵара 10 рзы Аԥсны амилициа амш азгәарҭоит. Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа иахьатәи ланҵамҭа изкуп 44 шықәса амилициаҟны еиуеиԥшым амаҵурақәа ныҟәызгаз аполковник еиҵбы Станислав Ҳагба.
Sputnik
Абҵара 10 рзы амилициа аусзуҩцәа иазгәарҭоит рзанааҭтә мшныҳәа. Ишырҳәо еиԥш, дара иныҟәырго амаҵура иагьшәарҭоуп, иагьыуадаҩуп. Аҭоурых иадыруеит аҭынчуаа ршәарҭадара зхы ақәызҵахьоу ахьыӡқәа, ирацәаҩуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахазгьы. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо, 44 шықәса амилициаҟны еиуеиԥшым амаҵурақәа ныҟәызгаз аполковник еиҵбы Станислав Ҳагба Москвоуп икариера ашьаҭа ахьакыз. Иара ари азанааҭ ахь аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа дхьанарԥшит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду (1941-1945) ашьҭахь, Асовет Еидгыла атәылақәа зегьы азеиԥш ԥсадгьыл аиҭашьақәыргыларазы ӷәӷәала аџьабаа рбон, ҳара ҳтәылагьы урҭ ирылхымызт. Аиҳарак ақыҭауаа рхы шьҭымхкәа махәҿала аус руан. Ҭаацәацыԥхьаӡа аплан рықәын аџьықәреи, аҟәыд, акәтаӷь, акәац уҳәа шаҟа аҳәынҭқарра иаҭатәу. Анхацәа ԥсымшьҭыгак акәын ирзынхоз. Ахшара рацәа ахьыҟаз аҩнаҭақәа аарла ирыздырхон. Аколнхара иазааԥсоз ҭаацәан Аҷандара ақыҭанхаҩы Иасон Ҳагбеи иԥшәмаԥҳәыс Анна Чалмазԥҳаи. Дара фҩык ахшара шрымазгьы аҩны инхар ауазма, рхәыҷқәа аӡәи-аӡәи еихылаԥшуа ирызҳаит, анаҩс махәҿала аус руртә ианыҟала, рани раби ирывагыланы аколнхара иазааԥсон. Иахьатәи сфырхаҵа Станислав Ҳагба иашьцәеи иаҳәшьеи дрыцны аҭаҭын ааӡареи, аҿыхреи, арыԥхреи напынҵас иман.
Станислав Ҳагба иҩызцәа рыгәҭа
"Ҳара ҳҭаацәа десҭынк иаҵанакуаз аҭаҭын ааӡара планс иҳадын. Ашкол аҟынтәи ҳанааилак, акы ҳнацҳаны ҳани ҳаби ҳрыцны адгьыл аус адаҳулон, аҭаҭын еиҭаҳҳауан, аӡы ақәаҳҭәон, нас аҿыхра, арыԥхра уҳәа ҳнапы иҵаҳхуан. Ахәылбыҽха ҳааԥсаха ҳанааилак, ашкол иҭаз ҳурокқәа ҳанрыдтәалон. Ахәмарра зҭахым ахәыҷы адунеи дықәымлацт, аха ҳара иналаршә-ааларшәны акәын аамҭа анҳамаз. Зны-зынла ҳаҽӡаны Ааԥсҭаҟа ҳцон аӡы ҳҭаларц", - аџьбаа зцыз ихәыҷра игәалашәоит Станислав Ҳагба.
Аҷандаратәи абжьаратә школ даналга ашықәсан, Станислав иааӡараҿы ароль ду назыгӡоз ианду Шьасиа Аҟалӷьԥҳа лыдунеи лыԥсахит. Аҷкәын игәы ианыз ахәра ӷьаанӡа аррамаҵурахьы иԥхьоит. Астрахань аракетатә архәҭаҟны хышықәсеи бжаки иуалԥшьақәа наигӡон. Анаҩс Аԥсныҟа даауеит, Гәдоуҭа аҭаҭын фабрикаҿы експедиторс аусура далагоит.
Станислав Ҳагба гәҭакыс иман иреиҳау аҵараиурҭа аҭалара. Игәахәтәы анагӡаразы Москваҟа дцоит, аха ииҭахыз аиуристтә факультет дызҭамлеит. Арԥыс игәы камыжькәа, Москва 16-тәи амилициа аҟәшахьы днеины аус иурц шиҭаху, насгьы маҵурак идыргаларц азы аҳәара ҟаиҵеит. Ус ачын имҭакәа дрыдыркылеит.
"Москва 16-тәи амилициа аҟәшахьы срыдыркылеит, аха азеиԥш нхарҭала сеиқәдыршәартә еиԥш ианзыҟамла, срышьҭит Москватәи аобласт, Загорск ақалақьтә милициа аҟәшахьы. Уаҟа азеиԥш нхарҭаҿы ауада сырҭан, сгәы рҭынчны смаҵурақәа рынагӡара салагеит. Иара уи ақалақь аҟноуп раԥхьатәи ацәгьауаҩ иаанкыларагьы ахьсылшаз", - еиҭеиҳәоит иара.
Станислав Ҳагбеи (арыӷьарахь игылоу) Леонти Аибеи
60-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, ажәлар ирыладмырҵәазаргьы СССР Аҩнуҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа зыршанхаз хҭысхеит Аҟәантәи Баҭымҟа ишьҭԥрааз аҳаирплан ацәгьоуцәа рнапаҿы иааганы, аҿагылара рызҭаз аҳаирӷбамаҵзуҩы Надежда Курченко данҭадарха. Уи ашьҭахь СССР Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адҵала атәыла аҩнуҵҟа иԥыруаз аҳаирпланқәа зегьы рреисқәа амилициа аусзуҩцәа имҩаԥыргар акәхеит.
"Хышықәсеи бжаки Загорск амилициа аҟәшаҿы аус уны срышьҭит Домодедово аҳаиртә баӷәазахь. Уантәи ҽнак абжьара ҽнак ареисқәа мҩаԥызгон. Араҟа хышықәса амаҵура ныҟәызгеит. Шаҟаџьара сыԥрыз атәы аҳәара сцәыуадаҩуп, избанзар даара ирацәан. Ари аамҭа иалагӡаны ажәҩан аҟны еиуеиԥшым ахҭысқәа срықәшәахьан, аха зегь раасҭа сгәалашәараҿы инхаз машәыршәа сыԥсы шеиқәхаз ауп. Ареис сыман Ташкентҟа. Уи аҽны сҩызак Владивостокҟа иԥыруаз аҳаирплан дацны дцар акәын. Аха дсыҳәеит еиҭнаҳԥсахларц. Иара иԥҳа лчара ҟалараны иҟан, Ташкент ҳамҭақәак ааихәар иҭаххеит. Жәаҳәарада, мап ицәысымкит. Владивостокынтәи саныхынҳә, ажәабжь хлымӡаах саҳаит, Ташкентҟа иԥрыз аҳаирплан каҳаит ҳәа. Иҭахаз зегьы сгәы иҵхон, аха схаҭыԥан иԥрыз акалашәа дыгәнызгон", - ихьанҭоу ахҭыс далацәажәоит сажәабжьҳәаҩ.
Станистав Хагба
Станислав Ҳагба Домодедово аусура даналага, џьара машәырк ҟаланы Аԥсныҟа адырра рыҭатәхозар ҳәа иаҳәшьаду лыԥшәма, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аветеран, усҟантәи аамҭазы Аҟәа ахәаахәҭратә еилазаараҟны акадртә ҟәша аиҳабыс иҟаз Константин Ҵнариа иҭел риҭахьан. Арыцҳара аныҟала, иара иахь аҭел иасны ирҳәеит Станислав дҭахеит ҳәа. Аха аруаҩ иҟазшьа змаз ахаҵа аҽынкылара аарԥшны аҭаацәа рахь макьана имыраргамарц иӡбеит.
Станислав Ҳагба дҭахеит ҳәа здыруаз аҳаиртә баӷәаза амилициа аҟәша аусзуҩцәа, Владивостокынтәи иааз аҳаирплан данылбаа ашана рбазшәа иҿаԥшуан. Иҟалаз шыҟалаз анеилкааха, ҩаԥхьа Аԥсныҟа адырра аарышьҭит аинформациа шиашамыз.
Аԥсуа анацәа аӡәырҩы ишырҟазшьоу еиԥш, лыҷкәын Урыстәыла дынхар аурыс ԥҳәызба динасыԥхар дылцәыӡар ҟалоит ҳәа Анна Чалмазԥҳа лԥа аҩныҟа дхынҳәырц азы аҳәара илҭеит. Станиславгьы иҭаацәа гәхьааигазар акәхарын, иан лажәа ҩбамтәкәа Аҷандараҟа дааит.
"Усҟантәи аамҭазы Аԥснытәи АССР Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс Валери Хынҭәба иакәын иҟаз. Аусурҭа ҭыԥ сашьҭоуп ҳәа аниаҳа, Гаграҟа уцароуп, уа аԥсуаа маҷуп ҳәа арахь сааишьҭит. Гагра сахьаангылоз сымамызт азы есыҽны Аҷандарантәи саауан", - иҳәоит Станислав Иасон-иԥа.
Станислав Ҳагба иҩызцәа рыгәҭа
Шықәсык ааҵуаны, Станислав аусураҟнытә аԥсшьара анимаз аамҭа иалагӡаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет латәарадатәи аҟәша дҭалеит. Уи нахыс аусуреи аҵареи еилаигӡон.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагра араионтә ҟәшаҿы аус зуаз аиҳарак ақырҭцәа ракәын. Дара аԥсуа ҷкәынцәа ачынқәа рмоурц азы ҵҟа-ҵҟала иавҵаланы аусқәа ԥдыргон. Ажәакала даара иуадаҩын акариера аҟаҵара. Аха ус егьа иҟазаргьы, Станислав Ҳагба иԥышәеи иҭакԥхықәреи ирылҵшәахеит ԥшьшьала ачынқәа рырҳара. Станислав Иасон-иԥа аамҭа-аамҭала аус иуит арыжәтә џьбара иашьыз иахьрыхԥсаауаз аҟәшаҿы, Гагра ацуҭатә милиционерс, Цандрыԥшьтәи апаспорттә ҟәша аиҳабыс, Цандрыԥшьтәи амилициа аҟәша аиҳабыс, Гагратәи амилициа ашьаусԥшааратә ҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс, Аҳәынҭавтоинспекциа Гагра араионтә ҟәша аиҳабыс, Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагра араионтә ҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс. Тәанчара данцоз аполковник еиҵбы ичын аҟынӡа днаӡахьан.
"Ацәгьоура амилаҭра амаӡам, насгьы ацәгьахәыццәа еснагь еиԥшуп, ажәытәан иаамысҭашәан, уажәы иԥхасҭахеит узҳәаӡом. Амилициа аусзуҩ иуалԥшьоу - ацәгьахәыцрақәа раԥырҟәҟәареи ацәгьауаа раанкылареи роуп, иаҭаххар, иԥсгьы ахҭниҵароуп, аха иус наигӡароуп. Сажәа иацҵо иӡбахә сымҳәарц залшом змаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡараан ацәгьоуцәа иҭадырхаз Цандрыԥшьтәи амилициа аҟәша аиҳабыс иҟаз Шали Ԥачлиа. Ақьафурҭаҟнытә зқьаф ҟаҵаны идәылҵыз хҩык ацәгьоуцәа иахьаақәшәо ихысуа ақалақь иалалеит. Шали ацхыраара иоуаанӡа ихала раанкылара иҽазишәеит, аха дҭадырхеит. Сҩыза Лиониа Габлиеи сареи ҳаиманы ҳдәықәлеит дара ахьыҟаз ахырхарҭа еилкааны. Илашьцахьан. Ҳанԥшы, ишкәакәаӡа акы ҳалаԥш иҵашәеит, ҳанааигәаха алашарбага иаҳнарбеит Шали шиакәыз, уи аҽны иара акостиум шкәакәа ишәызаарын, рыцҳа", - еиҭеиҳәоит аполковник еиҵбы.
Шали Ԥачлиа дҭазырхаз ацәгьауаа ԥыҭҩык ауаа рхәит. Шарԥазынӡа дара аанкылан, уи аоперациа далахәын Станислав Ҳагбагьы. Ахысра ҟазҵаз ашьра иқәырҵеит. Иара азнык азы акамераҟнытә иҽиӡеит, аха ҩаԥхьа даанкылан.
Шали Ԥачлиа иҳаҭгәын аԥхьа
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра уамак шагымыз, Қарҭынтәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа ааны ҳқыҭақәа ирылаланы ареидқәа мҩаԥганы ашәақьқәа змаз ирымырхуа иалагеит.
"Заа ҳгәы ҳҽанызҭгьы, аԥсуаа ираҳҳәарын ирҵәахырц, аха ҳахьымӡеит", - иҳәоит Станислав.
Аԥсны есааира аибашьра афҩы ахыло ианалага, Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагра араионтә ҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс иҟаз Станислав Иасон-иԥа аҿыҵгақәа ԥшааны есымза аус ицызуаз ақырҭцәа аԥара рымихуа далагеит. Иҟалалон мызкы 30-40 нызқь анылҵуаз. Анаҩс иара амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иашьагәыдыҭаз "Аидгылара" анапхгаҩцәа маӡала абџьар аахәараз ириҭон.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага аҽны, Аҳәынҭавтоинспекциа Гагратәи аҟәша аиҳабыс ишьақәырӷәӷәаз Станислав Ҳагба иусзуҩцәа иманы равтопарк азы Гьечрыԥшь амашьынақәа аархәоит ҳәа иахьлеиз, ажәабжь раҳаит, иаразнакгьы аусура ихынҳәит.
"Усҟан Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагра араионтә ҟәша аиҳабыс даман Рамин Гогьиа, иара милаҭла дақырҭуан, иан даԥсыуан. Аибашьра аналага ақырҭцәа срыдгыланы саншьцәа сшьӡом, убас сашьцәагьы иҳәан, дықәҵны дцеит. Егьырҭ ракәзар, дара ртәқәа ирыдгылеит, акыр шықәса азеиԥш ус иаҿыз зныҭрыс ҳаиӷацәахеит", - ҳәа азгәеиҭоит ажәабжьҳәаҩ.
Имаҷҩым Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз амилициа аусзуҩцәа. Гагра араион ахақәиҭтәра ашьҭахь Станислав Ҳагба дҵас идын имаҵура азыхынҳәра.
"Аибашьра цонаҵы, иара уи ашьҭахьгьы, акраамҭа ацәгьоура ҟазҵоз ирыдаҳҵоз ахара ҳаркәадон. Аиаша шәҭахызар, ирыцҳаҳшьоз ыҟан, избанзар урҭ рахьтә иуԥылон аветеранцәа, забацәа, зашьцәа аибашьраҿы иҭахаз. Ргәы ианыз ахәрақәа ҳрызхәыцуан", - еиҭеиҳәоит аполковник еиҵбы.
Станислав Ҳагба зны ателехәаԥшрала аибашьра ахроника дшахәаԥшуаз, илаԥш дыҵашәеит ауаҩы аҳәызба илеиҵеит ҳәа иҭаикхьаз аерман ҷкәынак. Иара "Баграмиан" ихьӡ зхыз абаталион дахәҭакны деибашьуазаарын. Арԥыс агитара арҳәауа ашәа наигӡон.
Ҳа ҳмилициа, ҳа ҳзыхьчо
"Ихьӡ сгәалашәом, аха Косиан ижәлан. Ауаҩы димшьит, аха аҳәызба илаиҵан, дҭаскит. Иан аҭакәажә лхала дыҟан азы, есыҽны сышә дылагылан сыҷкәын ида ԥсыхәа сымам, доушәыжь, срыцҳауп ҳәа. Иҟасҵагәышьоз, анахь арахь ашәҟәқәа алаҵо мацара иҭаскыз доусыжьыр акәхеит. Сара усҟан Цандрыԥшьтәи амилициа аҟәша аиҳабыс сыҟан. Иара ахақәиҭра аниоу, напыла иҟаҵаз аԥсуа ҳәызба ҳамҭас исзааигеит. Ажәакала, ателехәаԥшрала данызба дысгәалашәеит. Агәыхьгьы снаҭеит аибашьраҿы дышҭахаз ансаҳа", - еиҭеиҳәоит иара.
Станислав Иасон-иԥа игәаанагарала, ауаҩы еиҳараӡак аилазаараҟноуп дахьышьақәгыло. Иҽеим дрыднагалар, дара дреиԥшхоит. Аҭаацәараҟны ахәыҷы ани аби ирыдибало ахымҩаԥгашьеи ашьцыларақәеи ирылҵшәахогьы маҷым.
Станислав Ҳагба 2000 шықәсазы тәанчара дцеит, аха 2005 шықәсанӡа еиқәшаҳаҭрала Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагра рраионтә ҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.
Шәыԥсҭазаара абжеиҳара ззышәкыз аус гәхьаажәымгаӡои ҳәа саниазҵаа, "сааԥсеит, 44 шықәса рҟынтә еицысҵар, суалԥшьақәа назыгӡонаҵы шықәсыки бжаки смыцәаӡеит" иҳәеит. Иахьа аполковник еиҵбы иҭаацәа рыгәҭа ароль хада наигӡоит. Иԥшәмаԥҳәыс Заира Арӡынԥҳаи иареи хҩык ахшара рааӡеит, аха шықәсқәак раԥхьа машәырла дҭахеит еициз рԥацәа руаӡәк. Ргәырҩа иааиааины, ирааӡоит рыгәгьы рыладууп изызҳауа хҩык рмаҭацәа.