00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҳа ҳмилициа, ҳа ҳзыхьчо

© SputnikМилиция. Архивное фото.
Милиция. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 10 амилициа иамшуп, амилициеи ауаажәларреи реизыҟазаашьазы лгәаанагра лҳәоит аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Амилициеи ауаажәларреи еснагь ахҟа рыбжьоуп. Исгәалашәом аамҭак, еиҳаракгьы аибашьра ааилгазар, амилициа абзырӡы ауаажәларра ирҳәо. Уи аҩыза азыҟашьа иамоуп иобиективтәу, иара убас исубиективтәу ацәаҩа. Актәи ахь иаҵанкуеит азакәан зегьы рзы иахьеиԥшым, амаҷ ҟазҵо абахҭахь дахьцо, уи аамҭазы еиҳа ицәгьоу аус ҟазцаз адәы дықәны ахьыҟало. Аҩбатәи, исубиективтәу ҳәа ҳазҿу акәзар, ауаажәларра рҿы акырынтә иаҳбахьеит ацәгьа ҟазҵаз иҭынхацәа уи азхаҵара рҭахымкәа, амчратә усбарҭақәа аиакәым анырзырҳәо.

Кресло. - Sputnik Аҧсны
Ҩ-шьагәыҭк змоу аҟәардә

Аԥсуаа ҳҿы иҟазшьа ҷыданы иҟоуп, егьи дахьдырхәааит, са стәы ихы дақәиҭзааит захьӡу аилкаара.

Ажәакала, ауаажәларреи амилициеи иахьазы рнапы "еикәыршаны" иҟам, еиҳаракгьы ауааԥсыра агәынамӡара аадырԥшуеит акриминогентә ҭагылазаашьа аҽарӷәӷәеит ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, астатистикахь ухьамԥшыргьы иубаратәы иҟоуп, ҳазҭагыло аамҭазы игәаӷьыуацәо ацәгьоурақәа шырацәахаз, амала урҭ раарԥшрази, ахьырхәрази ҳаҽхәо ҳаҟам ҳамҳәозар.

Ашәҟәы иарбам ацәгьоурақәа ртәы ҳазааҭгылозар ахыԥхьаӡара аӡәгьы издыруам, ауаа амилициа агәра ахьырымго азы, зынӡа арзаҳал аналарымҵо ыҟоуп.

Амилициа амш аламҭалазы, иааҳалаҩҩит ажәабжь "Гәдоуҭа иҩны аҩналарҭаҿы дшьуп Дмитири Озган" ҳәа. Еснагь еиԥш, ари ауаҩшьразгьы аус хацыркуп, иҭҵааны, ацәгьоуцәа ԥшааны ахьырхәра анроуа аамҭа ҳахьӡар. Абҵара 3 рзы Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит инеиҵыху аколлегиа. Уи иалахәыз атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба еснагь еиԥш даӷьны: "Амилициа аусуҩцәа рчынқәа рыҵаҟа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдыркылоит. Ишәҭахума хьыӡҳәала исҳәар?",- хәа акыр игәаӷьыуацәаз аҳәамҭа ҟаиҵеит. Амала, дара итәаны иӡырыҩуаз "узҿу дарбану, хьыӡҳәала иарба ус ҟазҵо азусҭцәоу" аҳәара рзымгәаӷьит.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Абахҭа ҩ-шәык анҿоу…

Сара шәсазҵаауазар, иаҭахыу амилициа аусуҩцәа ирышьклаԥшны, ус ҟазҵо раанкылароуп. Уи азы атәылаҿы иҟоуп иҷыдоу аусбарҭақәа.

Ажәакала, амилициа аусуҩцәа аҵыхәтәантәи рколлегиаҿы ирҭааз апрезидент русуразы агәынамӡара шимоу дирдырит, анаҩсан еиӷьны аус шырушагьы реиҳәеит, аҳәара мацара ахәозар.

Уажә аабыкьа иарҭаз ахәбатәи аминистр Гарри Аршба иакәзар: "Ацәгьоурақәа аиҳахарахьы рхы хоуп, уи аамҭазы еиҵоуп урҭ раарԥшра", иҳәеит иара, аԥсуа милициа аусушьазы. Традициала, министрк дыԥсахны даҽаӡә данарҭалак, уаанӡа иамаз иусура шыԥcыҽыз аанарго "аусқәа уадаҩуп, ишахәҭо аус шәуроуп" ҳәа аҳәамҭақәа цәырҵуеит.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ишәарҭоу ацәгьоурақәа рцәаҳәа

Аԥсахра ҟалацыԥхьаӡа, ажәларгьы ҳаиӷьхап ҳәа агәыӷра аароуеит. Аԥсны ацәгьоурақәа рмаҷхара ҳара ҳҳәынҭқарра зырҿио хырхарҭоуп, убри аҟынтә, агәынамӡара ҳамазаргьы, зегь акоуп, амилициа аусуцәа роуп издаҳҳәало ҳҭышәынтәалара.

Аԥхын Урыстәылатәи аԥсшьаҩы дызшьыз, ахәыҷқәеи аҳәсеи шасыс изгаз ацәгьоуцәа ҳмилициа аусуҩцәа ианырԥшаа ҳара ҳзы игәадуран. Уи ахҭыс агәра ҳнаргеит, ирҭахханы иашьҭалар ирылшо шырцәо, амала аԥсуа милициа рзы, дыԥсшьаҩума, ара инхо иоума зегь еиԥшызароуп. Ахара зду ахьырхәра роуа, иҟалар, ажәларгьы уи гәарымҭарц залшарым, иагьырҳәалашт "ҳа ҳмилициа, ҳа ҳзыхьчо".

Автори аредакцеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0