Арадио

Аҟәысба: Аԥсни Ҭырқәтәылеи иҟоу ҳажәлар реимадара аус азы 24 сааҭгьы ҳазхом

Иааиуа амчыбжь азы Ҭырқәтәыла аԥсуа хеидкылақәа рфедерациаҿы алхракәа мҩаԥысран иҟоуп. Аҵыхәтәантәи ҩышықәса урҭ напхгара рзызуаз Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, изыхьӡази изхьымӡази.
Sputnik
Ҭырқәтәыла аԥсуа хеидкылақәа рфедерациа аԥҟарақәа рыла, ахантәаҩ ҿыц далырхуеит есҩышыкәса, насгьы иара еиқәырццакны ҩынтә еиҳаны дзыҟалаӡом. Афедерациа ахықәкы хадақәа ируакуп Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора реидкылара, рмилаҭтә хдырра аизырҳара, рҵас, рқьабз, ргәыбылра аиқәырхара.
"Иахьазы 18 хеидкыла ҳамоуп, аха 20 еиҳахараны иҟоуп. Иахьҳмыргылацыз аус адулараны ҳаҟоуп. Уажәы, ачымазара ашьҭахь ҿыцны хәыҷы-хәыҷла иалагеит ацентрқәа русура. Урҭ Аԥсни ҳареи ҳаимаданы, арепатриациа аганахьала акәзааит, аминистррақәа ракәзааит, ҳашьцәа реиқәырхара, рыжәла, рқьабз аҵаразы апрограммақәа еиҿкааны иҳамоуп, аха алшара ҳамамызт дара зегьы рымҩаԥгара. Уигьы хәыҷы-хәыҷла иҳауеит. Абызшәа аҵаразы акурсқәа ҳрылагеит. Арахь иааз астудентцәа ҳхы иаҳархәараны ҳаҟоуп. Иахьаангылаз аҭыԥқәа рҿы иҟоу аԥсуа жәлари дареи реимадара ҳагәҭакуп. Ҳажәлар Аԥсни Ҭырқәтәылеи иҟоу еимаданы ианеиқәҳмырха, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш иазеицәоуп. 24 сааҭ ҳазхаӡом уи зегьы аҟаҵаразы", - ҳәа азгәеиҭеит Аҟәысба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.