https://sputnik-abkhazia.info/20211110/aysba-asni-yrtylei-iou-azhlar-reimadara-aus-azy-24-saagy-azkhom---1036264419.html
Аҟәысба: Аԥсни Ҭырқәтәылеи иҟоу ҳажәлар реимадара аус азы 24 сааҭгьы ҳазхом
Аҟәысба: Аԥсни Ҭырқәтәылеи иҟоу ҳажәлар реимадара аус азы 24 сааҭгьы ҳазхом
Sputnik Аҧсны
Иааиуа амчыбжь азы Ҭырқәтәыла аԥсуа хеидкылақәа рфедерациаҿы алхракәа мҩаԥысран иҟоуп. Аҵыхәтәантәи ҩышықәса урҭ напхгара рзызуаз Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik... 10.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-10T10:50+0300
2021-11-10T10:50+0300
2021-11-10T11:34+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/0a/1036264391_0:0:1500:844_1920x0_80_0_0_6dba1821464848ed9720aa62500e978f.jpg
Аҟәысба: Аԥсныи Ҭырқәтәылеи иҟоу ҳажәлар реимадара аус азы 24 сааҭгьы ҳазхом
Sputnik Аҧсны
Аҟәысба: Аԥсныи Ҭырқәтәылеи иҟоу ҳажәлар реимадара аус азы 24 сааҭгьы ҳазхом
Ҭырқәтәыла аԥсуа хеидкылақәа рфедерациа аԥҟарақәа рыла, ахантәаҩ ҿыц далырхуеит есҩышыкәса, насгьы иара еиқәырццакны ҩынтә еиҳаны дзыҟалаӡом. Афедерациа ахықәкы хадақәа ируакуп Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора реидкылара, рмилаҭтә хдырра аизырҳара, рҵас, рқьабз, ргәыбылра аиқәырхара."Иахьазы 18 хеидкыла ҳамоуп, аха 20 еиҳахараны иҟоуп. Иахьҳмыргылацыз аус адулараны ҳаҟоуп. Уажәы, ачымазара ашьҭахь ҿыцны хәыҷы-хәыҷла иалагеит ацентрқәа русура. Урҭ Аԥсни ҳареи ҳаимаданы, арепатриациа аганахьала акәзааит, аминистррақәа ракәзааит, ҳашьцәа реиқәырхара, рыжәла, рқьабз аҵаразы апрограммақәа еиҿкааны иҳамоуп, аха алшара ҳамамызт дара зегьы рымҩаԥгара. Уигьы хәыҷы-хәыҷла иҳауеит. Абызшәа аҵаразы акурсқәа ҳрылагеит. Арахь иааз астудентцәа ҳхы иаҳархәараны ҳаҟоуп. Иахьаангылаз аҭыԥқәа рҿы иҟоу аԥсуа жәлари дареи реимадара ҳагәҭакуп. Ҳажәлар Аԥсни Ҭырқәтәылеи иҟоу еимаданы ианеиқәҳмырха, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш иазеицәоуп. 24 сааҭ ҳазхаӡом уи зегьы аҟаҵаразы", - ҳәа азгәеиҭеит Аҟәысба.Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/0a/1036264391_167:0:1500:1000_1920x0_80_0_0_36626a127e4c79928ffd75b5e08714ea.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Аҟәысба: Аԥсни Ҭырқәтәылеи иҟоу ҳажәлар реимадара аус азы 24 сааҭгьы ҳазхом
10:50 10.11.2021 (ирҿыцуп: 11:34 10.11.2021) Иааиуа амчыбжь азы Ҭырқәтәыла аԥсуа хеидкылақәа рфедерациаҿы алхракәа мҩаԥысран иҟоуп. Аҵыхәтәантәи ҩышықәса урҭ напхгара рзызуаз Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, изыхьӡази изхьымӡази.
Ҭырқәтәыла аԥсуа хеидкылақәа рфедерациа аԥҟарақәа рыла, ахантәаҩ ҿыц далырхуеит есҩышыкәса, насгьы иара еиқәырццакны ҩынтә еиҳаны дзыҟалаӡом. Афедерациа ахықәкы хадақәа ируакуп Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора реидкылара, рмилаҭтә хдырра аизырҳара, рҵас, рқьабз, ргәыбылра аиқәырхара.
"Иахьазы 18 хеидкыла ҳамоуп, аха 20 еиҳахараны иҟоуп. Иахьҳмыргылацыз аус адулараны ҳаҟоуп. Уажәы, ачымазара ашьҭахь ҿыцны хәыҷы-хәыҷла иалагеит ацентрқәа русура. Урҭ Аԥсни ҳареи ҳаимаданы, арепатриациа аганахьала акәзааит, аминистррақәа ракәзааит, ҳашьцәа реиқәырхара, рыжәла, рқьабз аҵаразы апрограммақәа еиҿкааны иҳамоуп, аха алшара ҳамамызт дара зегьы рымҩаԥгара. Уигьы хәыҷы-хәыҷла иҳауеит. Абызшәа аҵаразы акурсқәа ҳрылагеит. Арахь иааз астудентцәа ҳхы иаҳархәараны ҳаҟоуп. Иахьаангылаз аҭыԥқәа рҿы иҟоу аԥсуа жәлари дареи реимадара ҳагәҭакуп. Ҳажәлар Аԥсни Ҭырқәтәылеи иҟоу еимаданы ианеиқәҳмырха, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш иазеицәоуп. 24 сааҭ ҳазхаӡом уи зегьы аҟаҵаразы", - ҳәа азгәеиҭеит Аҟәысба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.