Аԥсны

"Аҽгәара" иақәу ақәыӷәӷәара еизҳар аамҭа -аамҭала алашара арцәара иалагар ҟалоит

Жьҭаара 28 инаркны Аԥсны мрагыларатәи ахәҭеи Аҟәа ахәҭаки рҿы аамҭа-аамҭала алашара дырцәо иалагеит авольтҳарак цәаҳәа-110 "Шешелеҭ-1" иақәу ақәыӷәӷәара ахьазышьҭымхуа иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 11- Sputnik. Афымцацәаҳәа "Аҽгәара" иақәу ақәыӷәӷәара еизҳар аамҭа -аамҭала алашара арцәара аларгалоит, аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Иазгәаҭоуп, иҟалаз ахьҭақәа ирыхҟьаны афымцатә цәаҳәақәа ирықәу аидара азҳаит ҳәа.
Авольтҳарак цәаҳәа-110 "Шешелеҭ-1" иақәу ақәыӷәӷәара ахьазышьҭымхуа иахҟьаны сааҭк-сааҭк лашарада иаанхоит Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа, Аҟәа араион мрагыларатәи ахәҭа, иара убас Аҟәа ақалақь мрагыларатәи ахәҭеи агәи.