Ҟәбина атәанчаҩцәа COVID-19 аҟынтә хымԥадатәи алаҵа ҟарҵароуп

Санкт-Петербург ашьҭахь, Краснодартәи атәылаҿацә аҟны акоронавирус аҟынтә ихымԥадатәиу алаҵаҟаҵара аларгалеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҟны инхо 60 шықәса зхыҵуеи еиҳабуи COVID-19 аҟынтә хымԥадатәи алаҵа ҟарҵароуп, аанацҳауеит Роспотребнадзор арегионалтә усбарҭа ақәҵара.
Роспотребнадзор: акоронавирус бжьаратәла 11 мшы аԥсы ҭоуп
"Адҵа ҟасҵоит: 1. Ачымазараҿкы COVID-19 иаҿагыло апрофилактикатә лаҵа рзеиҿкаазарц абарҭ атәылауаа ркатегориақәа: 60 шықәса зхыҵуеи еиҳабуи", - аҳәоит Краснодартәи атәылаҿацә асанитар ҳақьым хада Мариа Потиомкина лықәҵара.
Уаанӡа, Санкт- Петербург 60 шықәса еиҳаны изхыҵуеи акраамҭатә чымазарақәа змоуи рзы хымԥадатәи алаҵаҟаҵара алагалатәуп ҳәа арбан Петербург иҟоу Роспотребнадзор аусбарҭа анапхгаҩы, асанитартә ҳақьым хада Наталиа Башкетова лықәҵара.
Иазгәаҭоуп, ақәҵара ишаҵанамкуа алаҵаҟаҵара ззыҟамло ауааԥсыра.
Петербург 60 шықәса еиҳаны изхыҵуа рзы хымԥадатәи алаҵаҟаҵара аларгалеит