АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иаанхоит абҵара 12, ахәаша асааҭ 10:00 - 14:00 рзы. Абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы иалкааны иазгәарҭом араион иарбан хәҭақәоу лашарада иаанхо.
"Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада Ҭемур Кациа Аԥсуа телехәаԥшраҿы иҳәахьан, афымцаҳақәа ахьанҭара рзышьҭыхуам ахьҭақәа аныҟоу ҳәа. Убри аан иара иазгәеиҭеит Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара шәарҭоуп ҳәа.