"Ааци Аҷандареи еимаздаз амҩа ҳазыԥшуижьҭеи акрааҵуан. Анхаҩы иахьа ииҭаху, инхара-инҵыра аныҟала, ақыҭаҿы данынха, имҩа, иӡы, илашара - абарҭ рыхԥа рыла деиқәыршәазар, нас игәы ахылоит ҳәа сгәы иаанагоит ақыҭаҿы аангылара. Ԥшь-километрак акаҭран ықәырҭәан иаҳзыҟарҵеит, хԥа-ԥшьба қыҭа еиманадоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Царгәыш.
Аҷандара ақыҭа ахада иажәақәа рыла, иҟоуп еиҭа амҩа ссақәа, аҳаблақәа еимаздо, ацҳа маҷқәа еиҭашьақәыргылатәу, урҭгьы араион абиуџьеҭ иҭагӡаны хәыҷы-ҳәыҷла иаҿуп аҟаҵара ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.