Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Царгәыш Ааци Аҷандареи еимаздо амҩа аҟаҵаразы

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Царгәыш Аацыи Аҷандареи еимаздо амҩа аҟаҵаразы
Анапаҵаҩра
Аҷандара ақыҭа ахада Асҭамыр Царгәыш арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аинвестпрограмма иабзоураны Ааци Аҷандареи еимаздо амҩа акаҭран ақәҵаразы шықәсык ицоз аусурақәа шхыркәшоу атәы.
"Ааци Аҷандареи еимаздаз амҩа ҳазыԥшуижьҭеи акрааҵуан. Анхаҩы иахьа ииҭаху, инхара-инҵыра аныҟала, ақыҭаҿы данынха, имҩа, иӡы, илашара - абарҭ рыхԥа рыла деиқәыршәазар, нас игәы ахылоит ҳәа сгәы иаанагоит ақыҭаҿы аангылара. Ԥшь-километрак акаҭран ықәырҭәан иаҳзыҟарҵеит, хԥа-ԥшьба қыҭа еиманадоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Царгәыш.
Аҷандара ақыҭа ахада иажәақәа рыла, иҟоуп еиҭа амҩа ссақәа, аҳаблақәа еимаздо, ацҳа маҷқәа еиҭашьақәыргылатәу, урҭгьы араион абиуџьеҭ иҭагӡаны хәыҷы-ҳәыҷла иаҿуп аҟаҵара ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0