Аԥсны

Аҳауагәаҭаҩ Аԥсны аӡынра зеиԥшрахо атәы далацәажәеит

Сынтәа Аԥсны раԥхьатәи асы леит ашьхараҿы цәыббра 25 рзы. 2020 шықәсазы – абҵара 2 рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik. Аԥсны сынтәа асы леиуеит, аӡын хьшәашәа ҳазыԥшуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аекологиа аинститут агидрометеорологиатәии аекологиатәии амониторинг аиҳабы Асида Ахсалԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, ахьҭақәа аҿалоит ԥхынҷкәынмзазы.
Ахсалԥҳа еиҭалҳәеит аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны аԥхарраамҭақәа ақәоурақәа еиҳа рҽышдыррацәаз.
Аметеоролог ахҳәаа алҭеит Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы змаҷу.
Лара ишылҳәаз ала, уи аҳауатә ҷыдарақәа ирыдҳәалаӡам, аӡеизакырҭа апроблемоуп изыхҟьо.

"Аҵыхәтәантәи ажәашықәса ақәоурақәа ирыцымлазар ирыгымхеит. Аӡеизакырҭагь ари проблемас иазыҟам. Уа анџьныртә проблемоуп иқәгылоу", - лҳәеит Ахсалԥҳа.

2021 шықәсазы иҟаз ақәоурақәа рекордтәқәан ари аҭыԥ азы.
Сынтәа Аԥсны раԥхьатәи асы леит ашьхараҿы цәыббра 25 рзы. 2020 шықәсазы – абҵара 2 рзы.