Аԥсны

Аҽааӡаҩ Ахра Ашәба урыстәылатәи ареитинг аҿы аԥшьбатәи аҭыԥ ааникылеит

2021 шықәсазы Ахра Ашәба иҽқәа аҵҟьарақәа 22 ирылахәхеит. Урҭ рҟынтәи хә-иааирак ргеит, 14 ԥыжәаратә ҭыԥ ранашьахеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Аҽааӡаҩ Ахра Ашәба 2021 шықәсазтәи арбагақәа рыла Урыстәыла иахьаҵанакуа араб ҽыжәлацқьақәа ныҟәызго рыбжьара ареитинг аҿы аԥшьбатәи аҭыԥ ааникылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аспорти аҿари русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.
Ашәба иара убасгьы Павловтәи аҽырҩырҭа ареитинг аҿы актәи аҭыԥ ааникылоит, Краснодартәи ареитинг аҿы – аҩбатәи.
Аԥснытәи аҽыҩқәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аиааира ргеит
Ахра Ашәба иҽыҩқәа Вронскии Старки аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа ааныркылеит жьҭаара 17 рзы Краснодар имҩаԥысыз аҽырыҩратә сезон аркраҿы.
Ԥхынгәы 17 азы Вронски Краснодартәи аԥхьахә хада (Дерби) аҿы ииааит. Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Ахра Ашәба иҽы Сириус.
Нанҳәа 15 азы аҽыҩ Вронски Москва 1800 метра аҩраҿы аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит араб ҽыҩжәлақәа рыбжьара.