ЕАА АММ рыӷба Амшын еиқәаҿы аоперациа хнаркәшеит

Аҩада Атлантикатәи алианс иалахәны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагон Амшын еиқәаҿы иҟаз ЕАА аӷба Mount Whitney.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа иртәу Арра-мшынтә мчқәа Афбатәи афлот афлагмантә ӷба Mount Whitney Амшын еиқәа аҟынтәи Адгьылбжьаратә мшын ахь ахы археит, аоперациа хыркәшаны. Абри атәы аҳәоит афлот Twitter аҿы.
Путин ЕАА аӷбақәа Амшын еиқәаҿы рыҟазааразы: ахараԥшыгала ҳахәаԥшып, ма акылыԥшырҭа ала
Аӷбаҿ иҟан Афбатәи афлот аштаб аусзуҩцәеи НАТО амшынтә мчрақәа (Naval Striking and Support Forces НАТО - STRIKFORNATO) ркомандаҟаҵареи.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра уаанӡа аҳәамҭа ҟанаҵеит ЕАА аӷбақәа Амшын еиқәаҿы рыҟазаара ахылаԥшра шанаҭо азы. Аусбарҭа адыррала ЕАА Урыстәыла аҳәаа ааигәара арратә мчрақәа рыҟазаара аҽазнашәоит. Хықәкыс ирымоуп Донбасс амч ахархәарала аҭагылазаашьа аилыргара иалагар, Урыстәыла АМ рҽазыҟаҵаратә ҭагылазаашьа аилкаара.
Аексперт ЕАА Амшын еиқәаҿы ахымҩаԥгашьа амч аарԥшроуп иаанаго ҳәа ахиҳәааит