Visa хсаалагак аҟынтә даҽа хсаалагак ахь аԥара аиагаразы акомиссиа ахыхра иаҟәыҵит

Убри аан Visa абанкқәа рыклиентцәа рзы ишьақәдыргыло хсаалагак аҟынтә даҽа хсаалагак ахь аԥара аиагаразы акомиссиа ҳәаақәнаҵаӡом.
Sputnik
АҞӘА,абҵара 15 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аԥарашәаратә система Visa 2022 шықәса мшаԥымза инаркны аҭел аномер ала хсаалагак аҟынтә даҽа хсаалагак ахь аԥара аиагаразы акомиссиа ахыхра иаҟәыҵит ҳәа азеиҭарҳәеит РИА Новости аилахәыраҿы.
Уаанӡа абри атәы аҩхьан агазеҭ "Коммерсант".
Visa аҭел аномер ала аԥара хсаалак аҟынтәи аҽа хсаалак ахь аиагаразы амаҵзура алагалоуп
"Visa ари ашьаҿа ахьыҟанаҵаз Урыстәыла ари аҩыза аџьармыкьа ахьыҟаз атәылақәа ираԥхьатәин. Ҳапланқәа рҿы ари аҩыза амаҵзура арҭбаара азыԥхьагәаҭоуп, аԥаратә-хсаалага Visa змоу ауаа рырманшәаларазы. Ари иазыԥхьагәанаҭоит иманшәалоу атарифтә политикагьы", - ҳәа рҳәеит аилахәыраҿы.
Уа иара убасгьы иазгәарҭеит ахсаалага аҟынтә аҽа хсаалагак ахь аԥараиагаратә маҵзура ахархәара арҭбаара ари аилахәыра жәашықәса раахыс Урыстәыла имҩаԥнаго абизнес ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп.