Аԥсны

Аҟәа иҟоу Урыстәыла арратә мобилтә госпиталь аҟынтә илҩаауп 470-ҩык апациентцәа

Sputnik
АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Аҟәа иҟоу Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь COVID-19 зланы изхызгахьоу 470-ҩык илырҩаахьеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Апациентцәа иахәҭаз ахәшәтәра рхыганы акоронавирус шрылам азы ПЦР-тест рыманы рыҩныҟа иоужьуп, урҭ наҟ-наҟ аҳақьымцәа рабжьгарақәа ирықәныҟәалоит.
Зынӡа нанҳәа 18 раахижьҭеи 1600-ҩык рҟынӡа акоронавирус злаз ачымазцәа рыхәшәтәразы иаднакылахьеит.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистр Аԥсны аепидҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит
Иахьазы агоспиталь аҟны ишьҭоуп 90-ҩык инареиҳаны ачымазцәа, ара иазԥхьагәаҭоуп 100 ҭыԥк, ииаҭаххаргьы, даҽа 50-ҩык рҭыԥ ацырҵар ҟалоит.
Агоспиталь ахь ауааԥсыра ацхыраара ласы амашьынала инаргоит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи, иҟоуп егьырҭ аҳақьымцәа иаарышьҭуагьы. Ачымазцәа рыдыркылоит уахи-ҽни, ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа р-ПЦР-диагностика. Анаҩс аҭакқәа иахьынтәаашьҭу идырхынҳәуеит. Алабораториа иалшоит аамҭак ала 24 биологиатә материал адкылара.
Аԥсны
Аԥсныҟа иаагоуп алаҵа "Спутник V" апартиа
Агоспиталь амобилтә лабораториақәа рҿы имҩаԥгоуп 8 000 рҟынӡа аклиникатә ҭҵаара, х-нызқь ПЦР-тест, зқьы инеиҳаны рентгенограмма.
Амобилтә госпиталь акоронавирустә инфекциа ҿыц зыхьуа рыхәшәтәразы астационартә медицинатә хәшәтәырҭоуп. Ара аус руеит 100-ҩык аруаа, урҭ еиҟараны рҽеихшаны иҷаԥшьоит. Дара аус зларуа ҳаамҭа иақәшәо амедицинатә маругалоуп.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь уаанӡа Аԥсныҟа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәаразы ацхыраара аҟаҵараз нанҳәа 18 рзы. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ҩынтәуп Аԥсныҟа ацхырааразы агоспиталь аарышьҭуеижьҭеи.
Агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 ахәшәтәразы иҭаҵәахыу ахәшәқәа ртәы ирзааҭгылеит