Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсныҟа иаагоуп алаҵа "Спутник V" апартиа

© Foto / пресс-служба Минздрава В Абхазию доставлена вакцина "SPUTNIK V"
В Абхазию доставлена вакцина SPUTNIK V - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра ҩ-компонентк змоу алаҵа рыларҵало иалагоит ҳазҭоу амчыбжь азы.
АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" 6000 доза иҟоу апартиа Аԥсныҟа иаагоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, ари алаҵа актәи апартиа шакәу. Атәыла аиҳабыреи Агәабзиарахьчара аминистрреи Аԥсныҟа 30 нызқь доза алаҵа аарышьҭырц урыстәылатәи аган ирылацәажәеит. Ари апартиа аахәоуп аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџь ала.
Агәабзиарахьчара аминистрраҿы иазгәарҭеит Аслан Бжьаниа хаҭала урыстәылатәи аган дышрылацәажәоз алаҵа Аԥсныҟа иаарышьҭразы.
Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны алаҵа "Спутник V" 6500 доза ааит мшаԥымза алагамҭазы. Нанҳәа 6 рзы Аԥсныҟа иааган хә-нызқь доза иҟоу даҽа партиак "Спутник лайт" алаҵа.
Ажәабжьқәа зегьы
0