Аԥсны

Тҟәарчал инхоз ауаҩԥсы ауаҩшьразы даанкылоуп

Ауаҩшьразы азакәан ахәҭаҷ инақәыршәаны зыԥшаара иашьҭаз Альберт Берулаа 2010 шықәса раахыс иҽиҵәахуан.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. 1968 шықәса рзы ииз Тҟәарчал инхоз ауаҩԥсы Альберт Берулаа ауаҩшьразы даанкылоуп аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан Очамчыра араион, Баслахә ақыҭан. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, 2010 шықәса лаҵара 31 асааҭ 13:30 рзы Аҟәа, автоџьармыкьа аҵакыраҿы 1971 шықәса рзы ииз Гаделиа Геннади "Макаров" итапанчала диеихсны дишьит. Альберт Берулааи Гаделиа 2007 шықәсазы ирымаз аимак аан Гаделиа Берулаа дихәхьан.
Ауаҩшьразы азакәан ахәҭаҷ инақәыршәаны, изышьҭаз Альберт Берулаа 2010 шықәса ԥхынгәы 2 раахыс иҽиҵәахуан.
Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Аҟәа апрокуратура.
Берулава Альберт